Аицлабра "Ицқьоу ақалақь" мҩаԥгахоит Аҟәа
20:34 20.02.2026 (ирҿыцуп: 20:57 20.02.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 20 — Sputnik. Аицлабра "Ицқьоу ақалақь" мҩаԥгахоит Аҟәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.
Иара иажәақәа рыла, аԥхынразы аҳҭнықалақь 2510 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит. Аицлабра аҽазыҟаҵара иалагахьеит, иахьа акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥысит.
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аҟәа имҩаԥган аицлабра "Ашҭа цқьа", уи иалахәын 15 шҭа, ақалақь ахада инапынҵала сынтәа аицлабра аҳәаақәа арҭбаауеит. Уи ақалақь зегьы амҽханакуеит, ахатәҩнқәагьы уахь иналаҵаны, Ақалақь амш мызкы шагу ихацыркхоит.
Аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкылаз еиҳагьы рышҭақәа арҽеиразы ақалақь анапхгара рҟынтәи ацхыраара рыҭахоит иҳәеит Сурманиӡе.
Есышықәса Аҟәа Ақалақь амш азгәарҭоит ԥхынгәы раԥхьатәи асабшазы.