00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:31
2 мин
Такие обстоятельства
14:33
13 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацәеижь ахаҭабзиара еиӷьызтәуа: уҭраҭыхқәак рхәарҭареи рхархәареи

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОвощи
Овощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2026
Анапаҵаҩра
Уҭраҭыхқәак ауаҩы игәабзиара анырра шарҭо атәы шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Шеишықәса рыҩнуҵҟа ауаҩы иҵеит адгьыл амалқәа инапахьы раагашьа, уи дреишәарыцоит аԥсаатәқәа, абна илоу ашәарахқәа, икуеит амшыни аӡқәеи ирҭоу аԥсыӡқәа.
Ауаҩы ихы иаирхәарц азы иаԥиҵеит аҵиаақәеи аԥстәқәеи рыхкы ҿыцқәа. Идыррақәа ихы иархәаны иааирыхуа далагеит арыц, ашәыр, ауҭраҭых уҳәа.
Аҳәаанырцәтәи аҵарауаа имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа иаадырԥшит ауаҩы игәабзиареи еицамкреи ишацхраауа ауҭраҭыхи ашәыри. Ауаҩы ихы-иҿы ианыло акҷыра, ашәыри ауҭраҭыхи шаҟа ифо рхыԥхьаӡара иадҳәалоуп ҳәа азгәарҭеит. Ашәыри ауҭраҭыхи бзиа избо, ирацәаны изфо, еиҳа имаҷны акҷыра рнылоит, изымфо раасҭа. Аԥшшәы ҟаԥшь змоу ауҭраҭых ауаҩы ихы-иҿы аражәуам, еиҳа акҷыра ааннакылоит. Иара убасгьы ауҭраҭыхқәа апомидори ахәыли акомпиутер иадтәаланы акраамҭа аус зуа рзыҳәан ибзиоуп, аекран аҿынтә ауаҩы иҿаҷҷо ашәахәақәа рнырра армаҷуеит, рхы-рҿы еицакӡом, ргәабзиара иахәарҭоуп.
Ауаҩы иимунитет зырӷәӷәар зылшо, ацеи акьатеи русура иазеиӷьу, агәи адақәеи русура иацхраауа, ацәеижь ахаҭабзиара еиӷьызтәуа уҭраҭыхқәоуп: ахәылырҳә, ацыца, аҷаасҭы.
Земля в ладонях - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2025
Аԥсны
"Анапымса аҿаҵа дууп": аџьеи жәлар рмедицина амаӡақәаки

Ахәылырҳә

Ауаҩы ахәылырҳә ааирыхуа далагеит 3-4 нызқь шықәса раԥхьа. Ахәылырҳә (азгә. капуста) захьӡу ауҭраҭых аџьынџьдгьыл ҳәа иԥхьаӡоуп Адгьылбжьаратәи амшын акәша-мыкәша. Ари ауҭраҭых рфоит ишаӡоу, ижәны, иӡны, иалырхуеит асалатқәа, асуԥқәа. Ахәылырҳә иалҵуеит арҵәы замана.
Ауҭраҭыхқәа аԥсабара ирыланаҵаз азҩыдара ганрацәала иааԥшуеит – афатә еиԥш жәлар рмедицинаҿгьы рҭыԥ ааныркылахеит. Убас ала аца ахьаа ахәышәтәразы иргон: ахәылырҳә ахқәа х-цырак – мыцхәы идуум, мыцхәы ихәҷым, насгьы ишаӡоу иҟазар ауп, избанзар аӡыршы анаслак хәшәыс иахәаӡом. Ҩба-хԥа хы ахәылырҳә ҟәаҟәаны, ибзианы ирҩаны иалоу аӡы алхтәуп, ираӡатәуп, хԥа-ԥшьба ҵәыца алҵроуп. Ари аӡы ыжәлатәуп есҽны хԥа-ԥшьба ҵәыца, акрыфара сааҭбжак еиҵамкәа ишагу. Ахәылырҳә аӡы мышкы, ҩымш иузхаша еиҳаны знык ала иалхны иургылар ҟалаӡом.
Прощание с народной артисткой СССР Людмилой Зыкиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Аԥсны
"Аира зшаз аԥсрагьы ишеит": ацәгьараҿы ахымҩаԥгашьазы згәаҭарақәак

Ацыца

Ацыца ажәытәан ӷәӷәала рхы иадырхәон Бырзентәыла. Ашьҭахьы Европатәи ажәларқәа ирылаҵәеит, нас адунеи зегь амҽханакит. Ачарыци акартоши аныҟамлоз аарҩара шықәсақәа раан ацыца шаӡаз, мамзаргьы ижәны фатәыс рхы иадырхәон.
Аимҳәа ахәшәтәразы: Иеиҟараны ацыца аӡи аҷыхи аӡи алхны ахши ацхеи ырӡҭны еиларҵоит. Мҳаҵәк хынтә-ԥшьынтә иржәуеит амш иалагӡаны.
Агәабзиара арӷәӷәаразы: Лассы-лассы ахьҭа уламлаларц азы ҵәыцабжак аҷыхи ҵәыцабжак ацыца аӡи еилауҭәоит. Мҳаҵәк ацхеи алимон аӡи алауҭәоит. Аиҵарԥхьа амҳаҵә ду азна ужәуеит шьыжьи хәылбыҽхеи. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Палка на которую садятся ястребы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2020
Аҵла ихаломызт, амҿы ԥырҟомызт: ашәаԥыџьаԥ анцәахәқәа ирыдҳәалоу згәаҭарақәак

Аҷаасҭы

Аҷаасҭы (азгә. "свекла", "бурак") ауаа ирдыруеижьҭеи акрааҵуеит. Ажәытә бырзен ԥсабараҭҵааҩы Теофраст аҷаасҭы дахцәажәо иҳәоит, уи еиҳарак хәшәтәыгас рхы ишадырхәоз.
Хымԥада, аҷаасҭы агәабзиаразы ихәарҭоу уҭраҭыхуп, избан акәзар уи авитаминқәеи, аминералқәеи, антиоксидантқәеи рыла иҭәуп. Аԥштәы уаркалеиуа иҟоуп, ижәны, иӡны, ишаӡоу иуфар алшоит.
Ашьақәыӷәӷәара ҳаракы ахшә: Аҷаасҭы аӡы шаҟа алҵыз аҟара ацха аҭаны, ҽнак абжьара ҽнак. Акрыфаранӡа мҳаҵәк ыжәтәуп. Убас ушьақәыӷәӷәара ҭышәынтәалаанӡа ижәлатәуп. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Ажәабжьқәа зегьы
0