"Позывной "Буханка" ддырбеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакраҿы
16:32 23.02.2026 (ирҿыцуп: 17:13 23.02.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Афильм RT Documentary "Позывной "Буханка" ддырбеит Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакраҿы.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит адокументалтә кино IV Жәларбжьаратәи афестиваль "RT.Адок: Ҳаамҭазтәи Афырхацәа раамҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имши АОҶ иалагеижьҭеи 4 шықәса аҵреи ирызкуп.
"Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш — ари ҳахьчаҩцәа Рџьынџь гәык -ԥсыкала ишазыҟоу азы рҭоуба анышьақәдырӷәӷәо иамшуп", — лҳәеит Аԥсны иҟоу ААРА Ахаҭарнакра аиҳабы Иулиа Красцова.
Иара убас ицәырган АОҶ иазку Аҟәатәии Гагратәии алицеи-интернатқәеи Очамчыратәи ашкол-интернати рҵаҩцәа иҭырхыз асахьақәа рцәыргақәҵа. Дарбанызаалак асас игәаԥхаз асахьазы ибжьы иҭир илшон, аиааира згаз агәаларшәагатә ҳамҭақәа роуеит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа — Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакреи.