https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15735
Аинклиузивтә аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара мҩаԥысит РУСДРАМ
Аинклиузивтә аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара мҩаԥысит РУСДРАМ
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәыз аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара ауаа рацәа аҭааит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит... 24.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-24T22:24+0300
2026-02-24T22:24+0300
2026-02-24T22:42+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/18/1061260885_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_6d47af4adff9f8f0727c600fad725d06.jpg
АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәыз аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара ауаа рацәа аҭааит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа."Ахәаԥшцәа ақәыргыламҭа ибзианы ирыдыркылеит, ахәыҷқәагьы рхы бзианы иаадырԥшит. Ахәаԥшцәа аӡәырҩы рылаӷыӡ рзынкыломызт", — лҳәеит лара.Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, алахәылацәеи апроект адгылара азҭази аҳаҭыртә шәҟәқәеи ашәҭқәеи ранашьан.Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20260224/1061278124.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/18/1061260885_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_bf9e3c65a2c40153c05c7925d592dff7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
Аинклиузивтә аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара мҩаԥысит РУСДРАМ
22:24 24.02.2026 (ирҿыцуп: 22:42 24.02.2026) АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәыз аспектакль
"Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара ауаа рацәа аҭааит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ахәаԥшцәа ақәыргыламҭа ибзианы ирыдыркылеит, ахәыҷқәагьы рхы бзианы иаадырԥшит. Ахәаԥшцәа аӡәырҩы рылаӷыӡ рзынкыломызт", — лҳәеит лара.
Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, алахәылацәеи апроект адгылара азҭази аҳаҭыртә шәҟәқәеи ашәҭқәеи ранашьан.
Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.
Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.