https://sputnik-abkhazia.info/20260310/1061553623.html
Имҩаԥысраны иҟоу афорум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара" ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп
Имҩаԥысраны иҟоу афорум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара" ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп
Sputnik Аҧсны
Аграждантә форум ду мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы. Ареспублика ауааԥсыреи, аекономикеи, аҳәынҭқарратә еилазаареи ирызку азҵаарақәа рылацәажәара азԥхьагәаҭоуп. 10.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-10T18:12+0300
2026-03-10T18:12+0300
2026-03-10T18:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/09/1060929089_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_38309d26ade2e5f1ee5b4685f2715263.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата имҩаԥысраны иҟоу аграждантә форум азы ақәҵара шьақәнарӷәӷәеит, абри атәы лҳәеит апалата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа. Лара лажәақәа рыла, афорум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара" аиҿкааразы аусурақәа цоижьҭеи шықәсык аҟара ҵуеит. Ирзааҭгылан ихадоу азҵаарақәа х-хырхарҭак рыла: адемографиеи арепатриациеи, ақыҭанхамҩа економикатә ҿиара, амчратә система аиҭакра. Атематикатә еилацәажәарақәа заа имҩаԥган, урҭ рылҵшәақәа рыла ақәҵарагь еиқәыршәоуп."Иаҳнаҭозеи аграждантә форум? Ҳара еснагь ҳауаажәлар зегьы ргәазыҳәарақәа ҳарзыӡырҩлароуп. Зегьы раасҭа ихадоу ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари реимадара ауп. Амчра имҩаԥнагозароуп ари аҩыза аиҿцәажәара", — ҳәа азгәалҭеит Кьычԥҳа.Аграждантә форум ду мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 Аминистрцәа реилазаара ахыбраҿы.
https://sputnik-abkhazia.info/20260303/1061411350.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/09/1060929089_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_0814491bad82008da73520a74a4d9599.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Имҩаԥысраны иҟоу афорум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара" ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп
18:12 10.03.2026 (ирҿыцуп: 18:35 10.03.2026) Аграждантә форум ду мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы. Ареспублика ауааԥсыреи, аекономикеи, аҳәынҭқарратә еилазаареи ирызку азҵаарақәа рылацәажәара азԥхьагәаҭоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата имҩаԥысраны иҟоу аграждантә форум азы ақәҵара шьақәнарӷәӷәеит, абри атәы лҳәеит апалата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, афорум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара" аиҿкааразы аусурақәа цоижьҭеи шықәсык аҟара ҵуеит. Ирзааҭгылан ихадоу азҵаарақәа х-хырхарҭак рыла:
адемографиеи арепатриациеи, ақыҭанхамҩа економикатә
ҿиара, амчратә система
аиҭакра.
Атематикатә еилацәажәарақәа заа имҩаԥган, урҭ рылҵшәақәа рыла ақәҵарагь еиқәыршәоуп.
"Иаҳнаҭозеи аграждантә форум? Ҳара еснагь ҳауаажәлар зегьы ргәазыҳәарақәа ҳарзыӡырҩлароуп. Зегьы раасҭа ихадоу ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари реимадара ауп. Амчра имҩаԥнагозароуп ари аҩыза аиҿцәажәара", — ҳәа азгәалҭеит Кьычԥҳа.
Аграждантә форум ду мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 Аминистрцәа реилазаара ахыбраҿы.