Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шьаҭанкыла ирылагеит
10:21 12.03.2026 (ирҿыцуп: 11:46 12.03.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шьаҭанкыла ирылагеит.
"Ҳара ара акгьы ҳаԥсахӡом. Аусурақәа зегьы шьаҭанкыла имҩаԥысуеит", — еиҭеиҳәеит апрораб Руслан Какуриӡе.
Иара иажәақәа рыла, аамҭакала хырхарҭа рацәала аусурақәа мҩаԥысуеит. Иахьа афымцалашара аибыҭара иалагеит, ацрыҵцарҭатә ҳақәа шьҭарҵоит, Идырым асолдаҭ ибаҟа аиҿкаареи аиҭашьақәыргылареи иаҿуп. Ҿыцәаара зқәым амцахь агаз анашьҭразы агазгольдер шьақәыргылахоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убас Какуриӡе еиҭеиҳәеит асценеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи рзы аҵакыра шаздырхио.
"Уажәы ацрыҵцарҭатә ҳақәа мҩаныргоит. Аҵеџьқәа ҟаҵаны адренажтә мҩа шьҭаҵахоит. Арҭ аусурақәа зегьы нарыгӡоит еизааигәоу аиҿкаарақәа хԥа", — азгәеиҭеит Какуриӡе.
Аԥшаҳәа ари ахәҭа хылаԥшра анаҭоит Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа".