Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа ажрақәа ирылахәхар зҭаху агәыԥқәа рзы аԥҟара ҿыцқәа алагалоуп
12:06 15.03.2026 (ирҿыцуп: 14:55 15.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа ажрақәа ирылахәхар зҭаху агәыԥқәа рзы аԥҟара ҿыцқәа алагалоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит археолог Инал Џьопуа.
Уажәшьҭа аволонтиорцәа заанаҵы рҽанырҵалароуп. Уи зыхҟьо ажрақәа рҵакыра уиаҟара иахьдуми, зхы рылазырхәырц зҭаху рхыԥхьаӡара ахьырацәацәоуи роуп, зны-зынла 70-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
"Аҵакыра ҭшәоуп, зныкала агәыԥқәа рацәаны иаауеит, ус аусура ҳцәыуадаҩуп. Убри аҟнытә агәыԥқәа еихаҳшар ҳҭахуп. Уи адагьы иҟоуп махәҿыла аусуреи ма аԥшаах ссақәа аус рыдулареи ахьаҭаху", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Уи адагьы, ақәратә ԥкрақәа алагалоуп ауаа рацәа анеизо ахәыҷқәеи урҭ ршәарҭадареи рхылаԥшра ахьыуадаҩу иахҟьаны. Уажәшьҭа ажрақәа ирылахәхар рылшоит 15 шықәса инаркны зхыҵуа ахбыџқәа.
Џьопуа иазгәеиҭеит ажрақәа раан есыҽны артефакт ҿыцқәа шырыԥшаауа. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иԥшаан — Римтәи аимпериа аепоха иаҵанакуа акәаҷаб, ажәытә кыцӡи аԥараҿырпи рыхәҭақәа.
Аволонтиорцәа ргәыԥқәа рахь аҽанҵара ҟалоит абри аҭел ала +79409273458.