Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит
17:13 16.03.2026 (ирҿыцуп: 17:57 16.03.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа Урыстәыла хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит Ихымԥадатәу амедицинатә ԥгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҩтәылак Агәабзиарахьчаразы рминистррақәа рхадацәа Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои, афорум "Изҩыдоу ауаажәларра" аҳәаақәа рҟны.
"Иахьазы Аԥсни Урыстәылеи ҳаинырразы апланқәа шьақәыргылоуп, раԥхьа иргыланы ҳазхьаԥшуеит — аинфраструктура, акадртә политика – амедицинатә аалыҵгьы уахь иналаҵаны. Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра ҳацентрқәа рҿы амедицинатә цхыраара рыҭаразы алшарақәа роура алзыршо аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳҩит иахьа. Убри азы ҳусеицуреи ҳаиҩызареи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ари — Аԥсны атәылауаа рыцхырааразы ишьаҿа дууп", — иҳәеит Мурашко.
Быҭәба иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы змоу хҭысны ишыҟоу.
"Уи зқьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәнархоит", — иҳәеит иара.