Пицундатәи ауахәама аҿаԥшылараҿы асахьаркыратә лашарбагақәа ықәдыргылеит
17:34 16.03.2026 (ирҿыцуп: 17:57 16.03.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Пицундатәи ауахәама аҿаԥшылараҿы асахьаркыратә лашарбагақәа ықәдыргылеит апроект "Ҵәаӷәацыԥхьаӡа акультура алашара" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Апроект "Аԥсны акомандеи" Пицундатәи аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра анапхгареи еицынарыгӡеит.
Ақалақьтә ҭагылазаашьа аҽеиҭакрала ареспублика акультуратә код аартроуп изызку ари апроект лҳәеит апроект анапхгаҩы Анжелика Вартикиан.
Аҳәырԥсарра аиҳабы Даур Амԥар иажәақәа рыла, арлашагақәа абаа аҭӡамц аҿы икыдҵоуп, иалхуп ахыбра еиҳа иашьашәалоу хәба-фба ԥшшәы.
Пицунда ахада Рустам Агрба аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иазгәеиҭеит, Пицундатәи ауахәама ас еиԥш аҵлашара ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы гәырӷьара дуны ишыҟалаз.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ирлашоу ахыбрақәа иреиуоуп Пицундатәи ауахәама. Уаанӡа архитектура-сахьаркыратә лашарбагақәа ықәыргылан Ԥақәашьи Мықәи ауахәамақәа, Бедиатәи аныхабаа, Гал акультура Аҩны, Очамчыра ахадара ахыбра рҿы. Уажәазы Гәдоуҭатәи авокзал аҿы аусурақәа ирҿуп.