Марттәи ажәылара 33 шықәса ахыҵра иазкыз амитинг мҩаԥысит Алада Ешыра
20:33 16.03.2026 (ирҿыцуп: 21:05 16.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Марттәи ажәылара 33 шықәса ахыҵра иазкыз амитинг мҩаԥысит Алада Ешыра иҟоу Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа.
Агәалашәаратә уснагӡатә иалахәын аибашьра аветеранцәа, Аԥсны аиҳабыра, аҿар.
Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа зныз аҭыӡқәа ргылан, аибашьра архив аҟынтәи ацыԥҵәахақәа аекран аҿы иддырбон.
Иара убас, аусмҩаԥгатә алахәылацәа Ешырантәи иҭахази агәыԥ "Ветерок" аибашьцәеи рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Марттәи ажәылара — 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз даҟьахеит.1993 шықәса хәажәкырамзазы иҭахеит 222-а аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.