Акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит Гәымсҭатәи ацҳаҿы
20:26 16.03.2026 (ирҿыцуп: 23:04 16.03.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Апартиа "Аԥсны акзаара" еиҿнакааз акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит Гәымсҭатәи ацҳаҿы.
1993 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара ахьӡала 222 цәашьы аркын.
"Ҳфырхацәа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәар ҳҭахуп. Иахьа ҳаибашьцәа рыхьӡала аволонтиорцәеи ҳареи 222 цәашьы аҳаркуеит. Афырхаҵара ԥсра рықәӡам", — иҳәеит апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа.
Акциа мҩаԥган "Аволонтиортә рота" аԥснытәи аҟәша активистцәа алархәны.
Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысуеит.
Ари ажәылара — 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз даҟьахеит.
1993 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.