Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа Кан Кәарҷиа иумҭаҿы ацәгьоурақәа шыҟоу азханаҵеит
22:14 16.03.2026 (ирҿыцуп: 22:59 16.03.2026)

© Sputnik / Сария Кварацхелия
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа иумҭаҿы ацәгьоура аҷыдарақәа шыҟоу азханаҵеит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа алкаа амчра анаиулак ашьҭахь, аус аматериалқәа ирыцҵаны Апарламент ахь инашьҭхоит, Аҟәа апрокуратура уаанӡа ихацнаркхьаз ашьаус азы Кәарҷиа идырҵо ахарала аҭакҧхықәра иақәыршәаразы
ақәшаҳаҭра аиуразы.
Зыӡбахә азгәаҭоу агазеҭ "Абхазский вестник" аредакциаҿы 2025 шықәса абҵара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа роуп.
Кәарҷиа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 113 иазгәанаҭо ашьаус цәгьоура ҟаиҵеит ҳәа ахара идырҵыр алшоит — ауаҩшьразы ақәмақарра ма агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭара.