https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/16208
Аҳауагәаҭаҩ хәажәкыра амза аҩбатәи азбжаз амш зеиԥшрахо атәы дазааҭгылеит
Аҳауагәаҭаҩ хәажәкыра амза аҩбатәи азбжаз амш зеиԥшрахо атәы дазааҭгылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Ашоуреи аҳауатә қәыӷәӷәареи реиҭасрақәа ҟалоит хәажәкыра аҩбатәи азбжазы ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аекологиазы... 17.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-17T11:36+0300
2026-03-17T11:36+0300
2026-03-17T12:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/10/1050774716_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_ebf5aed31ad2037c82d478b151022174.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Ашоуреи аҳауатә қәыӷәӷәареи реиҭасрақәа ҟалоит хәажәкыра аҩбатәи азбжазы ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аекологиазы Аҳәынҭеилакы аҳауагәаҭаҩ Лариса Ахԥҳа.Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, ареспубликаҿы акраамҭатәи ақәоурақәа шыҟамло, мшқәак рзы аамҭа кьаҿк иалагӡаны ақәа леилар шалшо. Ҽынла аҳауа аԥхарра 13-18 градус рҟынӡа инаӡоит. Уахынла ашоурашәага аҩаӡара +3-8 градус рҟынӡа инаӡалоит. Амза 18 инаркны уахынлатәи аҳауа 8 градуск инаркны 13 градус рҟынӡа ихалоит.Хәажәкыра 18-25 рзы аҳауагәаҭаҩцәа аҳауа аԥхарра маҷ -маҷ ашьҭыҵра иазыԥшуп – зегь иреиҳау аҩаӡарақәа 18-19 градус рҟынӡа инаӡоит.Анаҩс, аҳауатә массақәа рыԥсахра иахҟьаны ашоура алаҟәра иазыԥшуп. Хәажәкыразы ас еиԥш иҟоу аҽеиҭакрақәа нормоуп ҳәа ацылҵеит Ахԥҳа. Амшынӡы аҟәандара +10-11 градус рҟынӡа инаӡоит, амза анҵәамҭазы 12 градус рҟынӡа иҟәандоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/10/1050774716_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_7314f01ebe4a87ca8445e34e81375f85.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Ашоуреи аҳауатә қәыӷәӷәареи реиҭасрақәа ҟалоит хәажәкыра аҩбатәи азбжазы ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аекологиазы Аҳәынҭеилакы аҳауагәаҭаҩ Лариса Ахԥҳа.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, ареспубликаҿы акраамҭатәи ақәоурақәа шыҟамло, мшқәак рзы аамҭа кьаҿк иалагӡаны ақәа леилар шалшо.
Ҽынла аҳауа аԥхарра 13-18 градус рҟынӡа инаӡоит. Уахынла ашоурашәага аҩаӡара +3-8 градус рҟынӡа инаӡалоит. Амза 18 инаркны уахынлатәи аҳауа 8 градуск инаркны 13 градус рҟынӡа ихалоит.
Хәажәкыра 18-25 рзы аҳауагәаҭаҩцәа аҳауа аԥхарра маҷ -маҷ ашьҭыҵра иазыԥшуп – зегь иреиҳау аҩаӡарақәа 18-19 градус рҟынӡа инаӡоит.
Анаҩс, аҳауатә массақәа рыԥсахра иахҟьаны ашоура алаҟәра иазыԥшуп. Хәажәкыразы ас еиԥш иҟоу аҽеиҭакрақәа нормоуп ҳәа ацылҵеит Ахԥҳа.
"Иҟан шықәсқәак, ахьҭақәа аныҟаз, +3-4 градуск рҟынӡа аҳауа анылаҟәуаз. Аха сынтәатәи хәажәкырамза ԥхарроуп, уи аладатәи ациклон иаҿагыло анырра знаҭоз, ахьҭа ӷәӷәақәагьы аныҟамыз 2015 шықәсатәи хәажәкырамза угәаланаршәоит", — ҳәа азгәалҭеит аҳауагәаҭаҩ.
Амшынӡы аҟәандара +10-11 градус рҟынӡа инаӡоит, амза анҵәамҭазы 12 градус рҟынӡа иҟәандоит.