Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 85 ҭадырхеит
09:10 18.03.2026 (ирҿыцуп: 13:03 18.03.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 85 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
42 — Краснодартәи атәылаҿацә аҿы,
13 — Амшын еиқәа инахыкны,
6 — Азовтәи амшын инахыкны,
5 — Бриансктәи аобласти Ҟрыми,
4 — Адыгатәыла,
3 — Лененградтәи аобласт аҿы,
2-2 — Самаратәи аобласт аҿы,
2 — Воронежтәии Астрахантәии аобластқәа рҿы,
1-1 — Калугатәи, Смоленсктәи, Ставропольтәи аобластқәа рҿы.
