Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 25 ҭадырхеит
09:41 22.03.2026 (ирҿыцуп: 09:51 22.03.2026)

© Sputnik / Михаил Фомичев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 25 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Владимирсктәи, Белгородтәи, Курсктәи, Тулатәи, Риазантәи, Ростовтәи, Воронежтәи, Бриансктәи аобластқәеи, Москватәи арегионқәеи, Амшын еиқәа инахыкни.
Адронқәа ҭадырхеит Владимирсктәи, Белгородтәи, Курсктәи, Тулатәи, Риазантәи, Ростовтәи, Воронежтәи, Бриансктәи аобластқәеи, Москватәи арегионқәеи, Амшын еиқәа инахыкни.
