Араионқәа ирыду ақалақьқәа Пицундеи Афонҿыци рхатәы биуџьетқәа роур алшоит
21:01 23.03.2026 (ирҿыцуп: 21:11 23.03.2026)

© flickr.com / Wonderlane
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik. Араионқәа ирыду ақалақьқәа Пицундеи Афонҿыци рхатәы биуџьетқәа роур алшоит.
Бадра Гәынба ақалақьқәа Пицундеи Афонҿыци рҿы абиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтәра азҵаара иазкны аилатәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иҳәеит Пицундеи Афонҿыци ақалақьқәа рҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи рыстатус аиӷьтәра иазырхоу ажәалагалақәа.
"Пицундеи Афонҿыци рхатә биуџьет ахархәаразы уаанӡагьы алшара рыман. Ақалақьқәа рыҩнуҵҟа ирӡбраны иҟоу аусқәа рынагӡара зыруадаҩуа азҵаарақәа цәырҵуеит, урҭ рыӡбразы иҟаҵатәу иахьа ҳарзааҭгылоит", — иҳәеит Гәынба.
Ааигәа Пицунда ақалақь Аизара адепутатцәа рфинанстә хьыԥшымра ахәаԥшразы ааԥхьара ҟарҵеит. Уи ашьҭахь Бадра Гәынба Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба инапхгарала аусуратә гәыԥ аԥҵаразы аӡбамҭа идикылеит.