Уахыкала 400 инарзынаԥшуа украинатәи адронқәа ҭадырхеит Урыстәылатәи арегионқәа рҿы
09:39 25.03.2026 (ирҿыцуп: 10:42 25.03.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 25 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа асааҭ 23:00 инаркны 07:00-нӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 389 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Бриансктәи, Смоленсктәи, Калугатәи, Курсктәи, Твертәи, Орловтәи, Белгородтәи, Тулатәи, Псковтәи, Новгородтәи, Вологодтәи, Ленинградтәи областқәеи, Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми рҿы.
Адронқәа ҭадырхеит Бриансктәи, Смоленсктәи, Калугатәи, Курсктәи, Твертәи, Орловтәи, Белгородтәи, Тулатәи, Псковтәи, Новгородтәи, Вологодтәи, Ленинградтәи областқәеи, Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми рҿы.
Урыстәыла Украина иҷыдоу арратә операциа иалагеит жәабран 24 2022 шықәсазы.
