УАХ аҳәара ҟанаҵеит аиразы аршаҳаҭгала ахәыҷқәа Аԥсныҟеи Беларусиаҟеи рцаразы
13:47 26.03.2026 (ирҿыцуп: 16:06 26.03.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Урыстәылатәи атуриндустриа аидгыла аҳәара ҟанаҵеит идырхынҳәырц уаанӡеиԥш аиразы аршаҳаҭгала ахәыҷқәа Аԥсныҟеи Беларусиаҟеи рцаразы ҳәа аанацҳауеит аиҿкаара.
Абасеиԥш ааԥхьарақәа рзынашьҭуп Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.
Ажьырныҳәа 20 инаркны 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы рымамкәа Урыстәыла изалҵуам. Уи, аныҟәараз ашәҟәбӷьыцқәа разырхиара иахьымӡар зылшо атуристцәеи аклиентцәа ртурқәа ахызгар акәхо атуроператорцәеи рзы ашәарҭара цәырнагоит.
"АУА иахәҭаны иаԥхьаӡоит аиҩызаратә хырхарҭақәа — Аԥсни Беларуссиеи ралаларазы ахәыҷқәа рганахь ала уаанӡатәи аԥҟарақәа реиқәырхара ахәаԥшра", — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Ари аӡбамҭа атуристцәа рзы ашәарҭарақәа рырмаҷра иацхраауеит, ахәыҷқәа рыманы аныҟәарақәа иҭышәынтәаланы разԥхьагәаҭара алнаршоит ҳәа ирыԥхьаӡоит АУА аҿы.