https://sputnik-abkhazia.info/20260326/1061909746.html
Попов Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ахә ҳаракны ишьеит
Попов Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ахә ҳаракны ишьеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ари ииашоу, аԥсуа иҟазшьаҷыдарақәа аҵакы акәны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аефир... 26.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-26T15:15+0300
2026-03-26T15:15+0300
2026-03-26T15:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/01/1031380716_0:71:2793:1642_1920x0_80_0_0_214aeadf4c666d06a0d4312fd9a29ad4.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ари ииашоу, аԥсуа иҟазшьаҷыдарақәа аҵакы акәны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ажиури ахантәаҩы, ашәҟәыҩҩы Евгени Попов. Иара иажәақәа рыла, жә-шықәса рыҩнуҵҟа апремиа еицырдыруа иҟалеит. "Уи адагьы, иара егьырҭ зыҩаӡара ҳараку апремиақәа ирылукаауеит. Ари зегь рыла ииашоу ҳамҭоуп, сара сгәанала, уи аԥсуа иҟазшьаҷыдара иабзоуроуп, избан акәзар Фазиль ихаҭагьы иашала, ԥсыцқьала дыҟан. Апремиа анашьараҿгьы иҟаӡам агәыҩбара — уала-ҭахыла, еибадыррала ишам. Аҩымҭақәа ирыԥхьан иреиӷьу алкаахоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Папов. Сынтәа хыԥхьаӡара рацәала анапылаҩырақәеи ашәҟәқәеи ыҟан, апроза аҩаӡара даара иҳаракын ҳәа иҳәеит Попов."Аурыс ПЕН-центр" 2016 шықәсазы Фазиль Искандер иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьҵәҟьа ихьӡ зху апремиа аԥнаҵеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы уи иалоуриатцәахеит: Ричард Чкадуа, Владимир Делба, Витали Шариа, убас егьырҭгьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/01/1031380716_46:0:2777:2048_1920x0_80_0_0_cafefb3ea93fbfe22197fef0baa726d7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Попов Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ахә ҳаракны ишьеит
15:15 26.03.2026 (ирҿыцуп: 15:58 26.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ари ииашоу, аԥсуа иҟазшьаҷыдарақәа аҵакы акәны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ажиури ахантәаҩы, ашәҟәыҩҩы Евгени Попов.
Иара иажәақәа рыла, жә-шықәса рыҩнуҵҟа апремиа еицырдыруа иҟалеит.
"Уи адагьы, иара егьырҭ зыҩаӡара ҳараку апремиақәа ирылукаауеит. Ари зегь рыла ииашоу ҳамҭоуп, сара сгәанала, уи аԥсуа иҟазшьаҷыдара иабзоуроуп, избан акәзар Фазиль ихаҭагьы иашала, ԥсыцқьала дыҟан. Апремиа анашьараҿгьы иҟаӡам агәыҩбара — уала-ҭахыла, еибадыррала ишам. Аҩымҭақәа ирыԥхьан иреиӷьу алкаахоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Папов.
Сынтәа хыԥхьаӡара рацәала анапылаҩырақәеи ашәҟәқәеи ыҟан, апроза аҩаӡара даара иҳаракын ҳәа иҳәеит Попов.
"Аурыс ПЕН-центр" 2016 шықәсазы Фазиль Искандер иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьҵәҟьа ихьӡ зху апремиа аԥнаҵеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы уи иалоуриатцәахеит: Ричард Чкадуа, Владимир Делба, Витали Шариа, убас егьырҭгьы.