Саратовтәи аобласт арратә ҳаирбаӷәазаҿы атеракт аԥырҟәҟәаауп
16:58 26.03.2026 (ирҿыцуп: 18:10 26.03.2026)

© Sputnik / ФСБ РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Саратовтәи аобласт арратә ҳаирбаӷәазаҿы атеракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.
Украинатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа аус рыцызуаз 54 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ FPV-адронқәа рыла ажәылара игәы иҭан.
Иара адҵа иҭан ҩ-квадкоптерк, РКГ-3 ҳәа изышьҭоу агранатақәа, адетонаторқәа, арҭҟәацгатә маҭәашьарқәа, аретранслиатор ацәахырҭа аҟнытә агара. Адронқәа 10 километрак арратә аеродром аҟынтәи иқәыргыланы аус ауа иҟаҵатәын, анаҩс аҳәаанырцәҟа дцон.
Ацәгьахәыцҩы даанкылоуп.