Путин: асуверенитет ада амилаҭтә интересқәа рыхьчара залыршахом
17:31 26.03.2026 (ирҿыцуп: 18:19 26.03.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Асуверенитет ада амилаҭтә интересқәа рыхьчара залыршахом ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Ааглыхыҩцәеи анаплакыҩцәеи урыстәылатәи реидгыла аизара ду аилатәараҿы дықәгыло иара иазгәеиҭеит, аекономика аиндаҭларатә лшара аизырҳареи, атәыла аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи урыстәылатәи аилахәырақәа рҭыԥқәа рырӷәӷәареи шхымԥадатәиу.
"Шьҭа аӡәгьы гәыҩбара имаӡам иахьатәи адунеи аҿы асуверенитет ҵакны иамоу азы, уи зыԥсоу, насгьы иарбан лҵшәақәоу ирызцәырҵуа асуверенитет хатәгәаԥхарала мап ацәызкыз атәылақәа, урҭ ус еиҳа иҭынчрахоит, анхарабзазара еиҳа ахә мариахоит, аекономикеи асоциалтә цхыраареи убрахь иналаҵаны рыҿиаразы иреиӷьу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алшоит ҳәа агәаанагара рыман. Мап, адунеи даҽакала еиҿкаауп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада.