Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит
11:13 02.04.2026 (ирҿыцуп: 11:33 02.04.2026)

© Sputnik / Алексей Никольский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 2 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Иара убасгьы аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аиҳабыра рлахәылацәа, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Апарламент адепутатцәа, дара жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иалахәхоит.
Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу адепутатцәа.

Афорум мҩаԥысуеит мшаԥы 3-4 рзы, уи иазку аусмҩаԥгатәқәа иахьа ирылагараны иҟоуп. Апрограмма иара убасгьы иаҵанакуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа ирызку астол гьежьқәа фба.