Аполитикатә ҭышәынтәалара аинвестициатә гәазыҳәара амзызк аҳасаб ала иалацәажәоит Аҟәа имҩаԥгахо астол гьежь аҟны.
13:05 02.04.2026 (ирҿыцуп: 13:26 02.04.2026)
Анапаҵаҩра
Аполитикатә ҭышәынтәалара аинвестициатә гәазыҳәара амзызк аҳасаб ала иалацәажәоит Аҟәа имҩаԥгахо астол гьежь аҟны.
Уи еиҿнакаауеит апартиа "Иаку Аԥсны". Аусмҩаԥгатә алахәхаразы ааԥхьара рыҭоуп аполитикатә мчрақәа зегьы рхаҭарнакцәа.
"Урыстәылантәи иааԥхьоуи ҳареи иаартны аицәажәара ҳҭахуп. Ҳара ирзеиҭаҳҳәар ҳҭахуп ҳреспублика иамоу аинвестициатә лшарақәас иаабо, ҳинвесторцәеи ҳареи ҳаинырра ҳшахәаԥшуа", — иҳәеит апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа.