Аԥсни ПСБ абанки ргуманитартә еинырразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
16:49 02.04.2026 (ирҿыцуп: 17:19 02.04.2026)

© Пресс-служба ПСБ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 2 — Sputnik. Аԥсни ПСБ абанки ргуманитартә еинырразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит Аҟәа жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ашәҟәбӷьыц рнапы аҵарҩит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаби ПСБ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Дорофееви.
Аиқәшаҳаҭра асоциалтә ҵакы змоу афинанстә хырхарҭақәа реинырра арҭбаареи иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рымаҵ аура ахаҭабзиара аизырҳареи иазырхоуп.
Анапаҵаҩра ааусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.

"Ҵыԥх Владимир Владимир-иԥа иахь аҳәара ҟасҵеит ҳтәанчаҩцәа абри аҩыза алшара роурц. Аҭагылазаашьа схы иархәаны ҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп, уи ҳтәылауаагьы ахәшьара арҭеит, иҭабуп идуӡӡаны имҩаԥгоу аусуразы", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Сергеи Кириенко инаҵшьны иазгәеиҭеит, ауаа рзы аманшәалара зегьы ишрыцку.
"Аџьшьара иҟаҵоу саргьы сҽаласырхәуеит, избанзар зегьы ирыцку ауаа рзы аманшәалароуп. Аиҳаракгьы зықәра ыҟоу ауаа рыӡбахә атәы ҳҳәозар", — иҳәеит иара.
ПСБ Абанк ахаҭарнакра Аԥсны иаадыртит 2025 шықәса ԥхынгәымзазы, Аԥсны инхо урыстәылатәи атәылауаа атәанчахәытә шәарақәа рыҭаразы.