https://sputnik-abkhazia.info/20260402/1062081983.html
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы 48-ҩык аиааит
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы 48-ҩык аиааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 2 — Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы 48 проект аиааира агеит. 02.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-02T20:30+0300
2026-04-02T20:30+0300
2026-04-02T22:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
сергеи кириенко
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/02/1062078657_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_35edd29a0a3c8e164e21f30b4a7a3d5d.jpg
АҞӘА, мшаԥы 2 — Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы 48 проект аиааира агеит. Атәыла ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит асасдкылара аԥсуа жәлар еснагь ишрыхәҭакыз, аицлабра атәыла атуристтә усхк аҿиареи арӷәӷәареи ишацхраауа.Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит аханатә иазгәаҭаз 20-ҩык шракәыз миллионк-миллионк иҟоу агрантқәа рыҭара, аха иаԥсаз апроектқәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишырацәахаз. Иара иажәақәа рыла, проектцыԥхьаӡа ианыԥшуеит аԥсадгьыл ахь гәыкалатәи абзиабара."Ииашаҵәҟьаны, аԥсабара аԥшӡара џьашьахәы Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп. Аха асасдкылара еснагь ауаа рҟынтәи ауп ишаауа. Уи гәык-ԥсыкала иаауеит. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара шәпроектқәа зегьы шәыԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабара зықьҩыла, иҟалап миллионҩыла асасцәа рызнагара алыршахап", — ҳәа иҳәеит иара."Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа еиҳа инарҭбаау асасдкыларатә еилазаара иахәҭакхар рылшоит ҳәа иҳәеит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа анапхгаҩы Андреи Бетин. Апроект "Асасдкылара аҟазацәа" ԥшь-сезонк хыркәшахеит. Уи 200-нызқьҩык алахәылацәа еиднакылеит, урҭ рҟынтәи 500-ҩык аиааира ргеит. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи апроекттә гәаанагарақәа реимдара рылшоит ҳәа иҳәеит Бетин. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳазҭоу аамҭазы ареспублика ауааԥсыра маҷымкәа аицлабра ишашьклаԥшуа, аиааира згаз апроектқәа рынагӡашьа аинтерес шырзаҵоу. "Иахьа алагамҭоуп, шәара шәдыррақәа, шәгәазыҳәарақәа, шәыхшыҩҵакқәа, Аԥсны ауааԥсыреи уи асасцәеи рзы ахаҭабзиара ҳарак змоу апроектқәа рынагӡараҿы ишәымоу абзиабара анышьақәшәырӷәӷәа. Ауааԥсыра ацклаԥшлоит ари аус ахьынӡашәықәманшәалахо. Зегь раԥхьа иргылан ари аҿы иаангылахом - ари шәара шәҭакԥхықәра зцыло алагамҭоуп", — иҳәеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/02/1062078657_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_fe37395a643162e781c3d76abd6792dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба, сергеи кириенко
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба, сергеи кириенко
АҞӘА, мшаԥы 2 — Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы 48 проект аиааира агеит.
Атәыла ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит асасдкылара аԥсуа жәлар еснагь ишрыхәҭакыз, аицлабра атәыла атуристтә усхк аҿиареи арӷәӷәареи ишацхраауа.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит аханатә иазгәаҭаз 20-ҩык шракәыз миллионк-миллионк иҟоу агрантқәа рыҭара, аха иаԥсаз апроектқәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишырацәахаз. Иара иажәақәа рыла, проектцыԥхьаӡа ианыԥшуеит аԥсадгьыл ахь гәыкалатәи абзиабара.
"Ииашаҵәҟьаны, аԥсабара аԥшӡара џьашьахәы Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп. Аха асасдкылара еснагь ауаа рҟынтәи ауп ишаауа. Уи гәык-ԥсыкала иаауеит. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара шәпроектқәа зегьы шәыԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабара зықьҩыла, иҟалап миллионҩыла асасцәа рызнагара алыршахап", — ҳәа иҳәеит иара.
"Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа еиҳа инарҭбаау асасдкыларатә еилазаара иахәҭакхар рылшоит ҳәа иҳәеит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа анапхгаҩы Андреи Бетин.
Апроект "Асасдкылара аҟазацәа" ԥшь-сезонк хыркәшахеит. Уи 200-нызқьҩык алахәылацәа еиднакылеит, урҭ рҟынтәи 500-ҩык аиааира ргеит. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи апроекттә гәаанагарақәа реимдара рылшоит ҳәа иҳәеит Бетин.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳазҭоу аамҭазы ареспублика ауааԥсыра маҷымкәа аицлабра ишашьклаԥшуа, аиааира згаз апроектқәа рынагӡашьа аинтерес шырзаҵоу.
"Иахьа алагамҭоуп, шәара шәдыррақәа, шәгәазыҳәарақәа, шәыхшыҩҵакқәа, Аԥсны ауааԥсыреи уи асасцәеи рзы ахаҭабзиара ҳарак змоу апроектқәа рынагӡараҿы ишәымоу абзиабара анышьақәшәырӷәӷәа. Ауааԥсыра ацклаԥшлоит ари аус ахьынӡашәықәманшәалахо. Зегь раԥхьа иргылан ари аҿы иаангылахом - ари шәара шәҭакԥхықәра зцыло алагамҭоуп", — иҳәеит иара.