Аекономикатә форум ақыҭанхамҩа аҿиара анырра анаҭар алшоит иҳәеит Џьопуа
10:08 03.04.2026 (ирҿыцуп: 10:31 03.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы зҵаҩхо аиқәшаҳаҭрақәа ҷыдала аекономикеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара анырра анаҭар алшоит ҳәа азиԥхьаӡоит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
"Аҳәынҭқарра ахада ақыҭа иашықәсны ирылеиҳәаз 2026 шықәса ус баша ирылаҳәан инымхарц, анапынҵақәа ауааԥсыра рыԥсҭазаареи, рыбзазареи, рыԥсҭазаашьеи анырра анаҭарц азы ауп", — ҳәа иҳәеит иара.
Апартиа "Иаку Аԥсны" аиҳабы Алхас Барзаниа иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи афорум атәылазы ахаарԥшраз ишылшара бзиоу, адоуҳатә малқәа жәларбжьаратәи аилазаареи аҳәаанырцәтәи аинвесторцәеи рзеиҭаҳәара шалнаршо.
"Агәра ганы сыҟоуп иарбоу аусмҩаԥгатә ҳекономика, ҳҳәынҭқарра, ҳџьынџьуаа рзы даҽа ԥыжәаракны ишыҟало", — ҳәа иҳәеит иара.