https://sputnik-abkhazia.info/20260403/1062139189.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аԥсны ҿиаларц аҭахуп, абри атәы иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.Афорум "Аԥсны - ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" 2030... 03.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-03T18:01+0300
2026-04-03T18:01+0300
2026-04-03T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/03/1062139023_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_e45e9d522c5b2141633bc10fd8fe57c5.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аԥсны ҿиаларц аҭахуп, абри атәы иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.Афорум "Аԥсны - ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" 2030 шықәсанӡа ареспублика аҿиара апрограмма ҿыц анагӡара иазкуп иҳәеит иара Sputnik аинтервиу аҭо.Решетников иажәақәа рыла, аинвестициақәа ралагалара аԥыжәара рымоуп — асасааирҭатә усхк, ақыҭанхамҩа, аҩыҟаҵара, алогистикеи атранспорттә инфраструктуреи реиӷьтәра, Мрагыларатәи Аԥсни иаатыз аҳаирбаӷәаза алшарақәагьы ахархәарала.
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилини."Ҳажәларқәа, ҳабдуцәа рхаан еиԥш — аиашамҩа иадгылоит. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит азеиԥш ԥеиԥш азықәԥара", — иҳәеит Гәынба.Пушилин иҭабуп иҳәеит аԥсуа еибашьцәа 2014 шықәса раахыс Донбасси уи ауааԥсыреи рыхьчараҿы рлагала ахьыҟарҵо азы.Денис Пушилин иажәақәа рыла, Аԥсни Донецки рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәагьы ҿиар ҟалоит.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәаки дареи реилибакааразы амеморандум анапы аҵанаҩит. Аилибакааразы амеморандум анапы аҵаҩын Аԥсни, Адыгееи, Ҟарачы-Черқьестәылеи рыбжьара. Аԥсуа ган ала ашәҟәы инапы аҵеиҩит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, урыстәылатәи аган аҟынтәи арегионқәа рхадацәа — Мураҭ Кумпилови Рашьыд Темрезови.Иара убас аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Ҟабарда-Балкариеи дареи ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, акультуратә усеицуразы, ҞБА аҟынтәи ашәҟәы инапы аҵеиҩит арегион ахада Казбек Коков.
Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" ахьӡ ҿыц аиуит — аԥсуа-аурыс еиҩызара рыҩны "Ҳаидгылоуп".Абри атәы иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, урыстәылатәи агранттә фондқәа имҩаԥыргоз аицлабраҿы аиааира згази иареи реиԥылараҿы.Аргылара хыркәшахоит ԥхынгәы 1 азы. Ахыбра ҿыц аҿы раԥхьатәи апроектқәа мҩаԥгахоит нанҳәамзазы, цәыббрамзазы — аусура иазыхиахоит. Кириенко иҳәеит ари аҭыԥ алшарақәа зхы иазырхәарц зҭаху уажәнатә аконкурстә шьаҭала азыҳәақәа нарышьҭыр шрылшо.
Сергеи Кириенко Урыстәылатәи ахада игрантқәа рфонди акультуратә ԥшьгарақәа рфонди еиҿыркааз аицлабрақәа рҿы аиааира згаз дырԥылеит.Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ареспубликаҿы абаҩхатәра злоу ауаа шырацәоу. Иара иажәақәа рыла, "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рыпроектқәа рӡыргарақәа рышьҭахь, абарҭ аҭыԥқәа зегьы хаҭала дырҭаар иҭаххеит.Кириенко иазгәеиҭеит Урыстәыла ишеизнарҳауа аԥснытәи апроектқәа афинансқәа рзоужьра
Урыстәыла Аԥсны ҿиаларц аҭахуп, абри атәы иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.Афорум "Аԥсны - ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" 2030 шықәсанӡа ареспублика аҿиара апрограмма ҿыц анагӡара иазкуп иҳәеит иара Sputnik аинтервиу аҭо.Решетников иажәақәа рыла, аинвестициақәа ралагалара аԥыжәара рымоуп — асасааирҭатә усхк, ақыҭанхамҩа, аҩыҟаҵара, алогистикеи атранспорттә инфраструктуреи реиӷьтәра, Мрагыларатәи Аԥсни иаатыз аҳаирбаӷәаза алшарақәагьы ахархәарала. Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилини."Ҳажәларқәа, ҳабдуцәа рхаан еиԥш — аиашамҩа иадгылоит. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит азеиԥш ԥеиԥш азықәԥара", — иҳәеит Гәынба.Пушилин иҭабуп иҳәеит аԥсуа еибашьцәа 2014 шықәса раахыс Донбасси уи ауааԥсыреи рыхьчараҿы рлагала ахьыҟарҵо азы.Денис Пушилин иажәақәа рыла, Аԥсни Донецки рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәагьы ҿиар ҟалоит. Аԥсны аминистрцәа реилазаара Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәаки дареи реилибакааразы амеморандум анапы аҵанаҩит. Аилибакааразы амеморандум анапы аҵаҩын Аԥсни, Адыгееи, Ҟарачы-Черқьестәылеи рыбжьара. Аԥсуа ган ала ашәҟәы инапы аҵеиҩит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, урыстәылатәи аган аҟынтәи арегионқәа рхадацәа — Мураҭ Кумпилови Рашьыд Темрезови.Иара убас аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Ҟабарда-Балкариеи дареи ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, акультуратә усеицуразы, ҞБА аҟынтәи ашәҟәы инапы аҵеиҩит арегион ахада Казбек Коков. Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" ахьӡ ҿыц аиуит — аԥсуа-аурыс еиҩызара рыҩны "Ҳаидгылоуп".Абри атәы иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, урыстәылатәи агранттә фондқәа имҩаԥыргоз аицлабраҿы аиааира згази иареи реиԥылараҿы.Аргылара хыркәшахоит ԥхынгәы 1 азы. Ахыбра ҿыц аҿы раԥхьатәи апроектқәа мҩаԥгахоит нанҳәамзазы, цәыббрамзазы — аусура иазыхиахоит. Кириенко иҳәеит ари аҭыԥ алшарақәа зхы иазырхәарц зҭаху уажәнатә аконкурстә шьаҭала азыҳәақәа нарышьҭыр шрылшо. Сергеи Кириенко Урыстәылатәи ахада игрантқәа рфонди акультуратә ԥшьгарақәа рфонди еиҿыркааз аицлабрақәа рҿы аиааира згаз дырԥылеит.Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ареспубликаҿы абаҩхатәра злоу ауаа шырацәоу. Иара иажәақәа рыла, "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рыпроектқәа рӡыргарақәа рышьҭахь, абарҭ аҭыԥқәа зегьы хаҭала дырҭаар иҭаххеит.Кириенко иазгәеиҭеит Урыстәыла ишеизнарҳауа аԥснытәи апроектқәа афинансқәа рзоужьра
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/03/1062139023_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c4efdf7c56d92618112a0a6b2bc3c2dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио