Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит 2027 шықәсазы
18:41 03.04.2026 (ирҿыцуп: 18:58 03.04.2026)

© Foto / ФТС России | ProТаможню
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит 2027 шықәсазы.
Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҿы Урыстәыла атранспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Валентин Иванов.
"Ари Урыстәыла имҩасуа апассаџьырцәа рымҽхак ала иналукааша аушьҭырҭатә ҭыԥ дууп. Ҵыԥх 12,5 млн рҟынӡа апассаџьырцәа ара имҩасит. Урыстәыла аҳәаақәа рҿы усеиԥш аҭыԥ ыҟаӡам. Еилкаауп уи аиҭашьақәыргылара шаҭаху — аҳәаа ахысраҿы иаабо адинамика ҳасаб азуны", — ҳәа иҳәеит иара.
Иванов иажәақәа рыла, иахәҭоу акьаадқәа зегьы аус адулоуп, аиҭашьақәыргылара хаз игоу хә-хәҭакны еихшоуп. Усеиԥш заҭаху аныҟәара аанымкылакәа аусурақәа рымҩаԥгаразы ауп.
"Сгәыӷуеит иҟало аԥкрақәа аҭыԥ аҿы аушьҭратә лшара анырра анамҭап ҳәа. Убри азыхәҭа-хәҭала аусурақәа азԥхьагәаҭатәуп. Аргыларатә монтажтә усурақәа мҩаԥысуеит, сынтәа актәи рыхәҭа нагӡахоит, уи иалнаршоит уажәы иоурыжьуа апассаџьырцәа рымҽхак аизырҳара. Ихадоу аусурақәа зегьы хыркәшахоит 2027 шықәсазы, аушьҭырҭатә ҭыԥ аиқәыршәазаара иадҳәалоу — 2028 шықәсазы", — ҳәа иажәа хиркәшеит Валентин Иванов.