Аԥсна ахадеи Ҟабарда-Балкариеи рхадацәа еиԥылеит
18:54 03.04.2026 (ирҿыцуп: 20:08 03.04.2026)

© Пресс-служба главы КБР
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рыбжьара аекономикатә усеицуразы аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит иҳәеит арегион ахада Казбек Коков, Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.
Иара иажәақәа рыла, Аԥснынтәи Ҟабарда Балкариаҟа ақыҭанхамҩатә тауарқәа рлогистикеи Аҟәеи Нальчики рыбжьара аҳаиреимадара ашьақәыргылареи рызҵаарақәа аус рыдырулоит, аҵарауаа ҿарацәеи арҵаҩцәеи злахәхо "Урыстәыла-Аԥснытәи аҿартә форум" аздырхиоит.