Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" официалла аартра
22:36 03.04.2026 (ирҿыцуп: 22:49 03.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" официалла иаатит ахәаша, мшаԥы 3 рзы Аҟәа.
Мҽхакы ҭбаалатәи аусмҩаԥгатә Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рҟнытә 500-ҩык рҟынӡа алахәылацәа еиднакылеит.
Амш ихадоу ахҭысқәа:
Мҽхакы ҭбаалатәи аусмҩаԥгатә Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рҟнытә 500-ҩык рҟынӡа алахәылацәа еиднакылеит.
Амш ихадоу ахҭысқәа:
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ареспублика аекономикатә ҿиара ахәшьара аҭаны, аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон алагара рылеиҳәеит;
Урыстәыла ахада Владимир Путин аусмҩаԥгатә алахәылацәа рахь асалам шәҟәы ааишьҭит;
Сергеи Кириенко аҩганктәи аусеицура аҿы аԥыжәара аанызкыло азҵаарақәа ртәы далацәажәеит, анаҩс 14 шықәса зхымҵыц урыстәылауаа аиразы аршаҳаҭгала Аԥсныҟа рааразы азин рызҭо аӡбамҭа атәы рылеиҳәеит;
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысит аҩы афорум "Акаҷыҷ", уаҟа иалыркааит иреиӷьу аҩқәа;
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа жәпакы аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит;
Имҩаԥгаз астол гьежьқәа руак аҿы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи аԥыррақәа ргеографиа арҭбаара иалацәажәеит.
