Аԥсны аҵара аминистрреи Псковтәи аобласти аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
16:16 04.04.2026 (ирҿыцуп: 16:30 04.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Аԥсны аҵара аминистрреи Псковтәи аобласти аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аусмҩаԥгатәқәеи аусеицуреи рзы наҟ-ааҟтәи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит Оскар Ӷәазаа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 4-тәи абжьаратә школи, Печоратәи алингвистикатә гимназиеи, иара убас Гәдоуҭатәи 5-тәи абжьаратә школи Пушкиногортәи абжьаратә школи.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа иазгәалҭеи,т аусбарҭақәа русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликеи Пскови еицымҩаԥыргахьоу апроектқәа жәпакы, сынтәагьы аусмҩаԥгатәқәа шазыԥхьагәаҭоу.
"Сара агәра ганы сыҟоуп иахьатәи ҳаиԥылара ҳусеицура аизыҟазаашьақәа шханарҭәаауа. Ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәеи аусеицуреи рырӷәӷәаразы даҽа шьаҿаны иҟалааит", — лҳәеит Гәынԥҳа.
Псковтәи аобласт аҵара аминистр Александр Сорокин иазгәеиҭеит Аԥсни Пскови еиԥшу абеиарақәа, апатриотизм, Аԥсадгьыл абзиабара ишеиднаҳәало.
"Иахьа ҳара раԥхьатәи иқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит. Ари наҟ-наҟтәи ҳусеицураҿы ауснагӡатәқәа ируакуп, аха уи иаанагаӡом арҭ ԥшь-школк мацара дара-дара аус еицырулоит ҳәа. Ҳара иаҳуалуп Псковтәи аобласт еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи иахьынӡаҳалшо аҵаҩцәа ас еиԥш аинырразы алшарақәа рыҭара", — иҳәеит иара.