IVA Аԥсны аиҳабыра рзы авидеоконференцеимадаразы аԥышәаратә проект аԥнаҵар алшоит
19:05 04.04.2026 (ирҿыцуп: 19:49 04.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Аилахәыра IVA Аԥсны аиҳабыра рзы авидеоконференцеимадаразы аԥышәаратә проект аԥнаҵар алшоит.
Абри атәы иҳәеит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Деловая Россия" ахада, аилахәырақәа ргәыԥ "Абрау-Дюрсо" ахада Павел Титов, жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараҿы данықәгылоз.
"Шамахамзар астол гьежьқәа зегьы ҳрылахәын ҳара. Хырхарҭақәак аӡбамҭақәа рымоуп. Ҳара амототуристтә центр, IT-кластер азы ихиоу ажәалагалақәа ҳамоуп: аилахәыра IVA — авидеоконференцеимадара аоператорцәа — ишьақәдырӷәӷәеит авидеоконференцеимадаразы Аԥсны аиҳабыра рзы аԥышәаратә проект аԥҵара ишазхиоу", — азгәеиҭеит иара.
Титов аиԥш зеиԥшу афорумқәа рымҩаԥгара аимадарақәа рышьақәыргыларазы ицхыраагӡоуп ҳәа азгәеиҭеит.