Аҩбатәи жәларбжьаратәи арҵаратә ретрит мҩаԥысуеит Аԥсны
20:37 04.04.2026 (ирҿыцуп: 14:22 05.04.2026)

© Sputnik / Евгений Епанчинцев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Аҩбатәи жәларбжьаратәи арҵаратә ретрит "Акреатив ԥсҭазаарак еиԥш: урокцыԥхьаӡа аҵаҩцәа ауадаҩрақәа креативла рыӡбашьа дырҵара" иалагеит Аԥсны.
Уи мҩаԥылгоит аҵарадырра амагистр, жәларбжьаратәи азыҟаҵаҩ Лилиа Мухаметшина, агәыҳалалратә фонд "Аԥсны амилаҭтә ҵара аҿиара аинститут" ацхыраарала.
Хшыҩзышьҭра аҭоуп — арҿиаратә хәыцра аҵаратә процесс иахәҭакны аҟаҵара.
Аусмҩаԥгатә иалахәуп аԥснытәи арҵаҩцәеи аметодистцәеи Маиа Кириа, Хатуна Қәасиа, Мадина Ҭаниа, иара убас еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 80-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа.
Аинтенсивтә программала инақәыршәаны дара иҭырҵаауеит — акреативтә ӡбашьақәа 30 шьаҿа, аӡбамҭақәа рыԥшаашьа, акреативтә хәыцра арҿиашьа ҳәа аанацҳауеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.