ДЖәР ахадеи аԥснынтәи Донбасс аветеранцәеи аибашьцәеи еиԥылеит
19:19 05.04.2026 (ирҿыцуп: 22:33 05.04.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 5 — Sputnik. Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилини "Абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡбеи аԥснынтәи Донбасс аветеранцәеи аибашьцәеи ирԥылеит.
Дара аветеранцәа рзинқәа ахьчареи адгылара рыҭареи, аибашьцәа рреабилитациеи, Аԥсны аветеранцәа Рассоциациа аиҿкааразы иҟоу алшаарақәа ирылацәажәеит, абри атәы иҩуеит и-Telegram аҿы Пушилин.
"2014 шықәсазтәи ахҭысқәа ҳрылацәажәеит. Аҧсуаа ҳашьцәа аиаша ишадгылоз. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара анаунагӡатәразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Агәалашәарақәеи афырхаҵарақәеи зегьы аиқәырхара", — иҳәеит ДЖәР ахада.
ДЖәР ахада Денис Пушилин Аԥсныҟа дааит мшаԥы 2 рзы, иара далахәын жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа". Аҧсны анапхгареи иареи аиԥыларақәа мҩаԥыргеит, аилибакааразы амеморандум рнапы аҵарҩит.