https://sputnik-abkhazia.info/20260406/1062218932.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилини "Абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡбеи аԥснынтәи Донбасс аветеранцәеи аибашьцәеи ирԥылеит. Дара аветеранцәа... 06.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-06T13:01+0300
2026-04-06T13:01+0300
2026-04-06T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/06/1062218766_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f5e60e25b389a7cbb03dae458a43d877.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилини "Абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡбеи аԥснынтәи Донбасс аветеранцәеи аибашьцәеи ирԥылеит. Дара аветеранцәа рзинқәа ахьчареи адгылара рыҭареи, аибашьцәа рреабилитациеи, Аԥсны аветеранцәа Рассоциациа аиҿкааразы иҟоу алшаарақәа ирылацәажәеит, абри атәы иҩуеит и-Telegram аҿы Пушилин."2014 шықәсазтәи ахҭысқәа ҳрылацәажәеит. Аҧсуаа ҳашьцәа аиаша ишадгылоз. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара анаунагӡатәразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Агәалашәарақәеи афырхаҵарақәеи зегьы аиқәырхара", — иҳәеит ДЖәР ахада.
Аԥсны мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз ацәгьоуратә гәыԥ аусура аԥырҟәҟәаауп. Агәызҩара ззыҟоу хҩык аанкылоуп, урҭ иааидкыланы 220 грамм инареиҳаны амефедрон рымхуп. Ашьаусқәа хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аҧсны АҩАР.
Даӷьсҭан Дербентәи араион аҿы аӡкыра ԥжәеит. Аӡы рыҵалеит Михаиловка, Дузлак, Заречнаиа, Сулепа, Ургун ақыҭақәеи, аҳабла Мамедкалеи. "Агәҽанызааратә усмҩаԥгатәқәа инарымаданы ԥшьҳабламаҷк рҟынтәи аӡхыҵра ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы ԥшьнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра ӡхыган", — ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра. Иҟоуп аԥсҭбарақәагьы — аҳаблақәа Мамедкалеи Гьеџьыхәи ирыбжьоу амҩаду аҿы амашьынақәа ацәқәырԥа ӷәӷәақәа иргеит. Аԥҳәызба қәыԥши ахәыҷи ҭахеит, даҽа быжьҩык еиқәдырхеит. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥыхразы 3000-ҩык инареиҳаны аиқәырхаҩцәеи 866 ак атехникеи аус руеит. Амш аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит авиациа.
Урыстәылеи Саудтәи Аравиеи визада реиҭанеиааира аларгалоит лаҵара 11 инаркны. Уажәшьҭа урыстәылаа шықәсык ахь 90 мшы иааиԥмырҟьаӡакәа, ма иааизакны визада уа иҟазар рылшоит. Ари иаҵанакӡом Саудтәи Аравиа аусура, аҵара, ма анхара ицо, иара убас аҳаџьра, ма аумра рымҩаԥгаразы ицо. Аиԥш-зеиԥшу аԥҟарақәа ирыҵаркуеит Урыстәылаҟа иаауа аравиаагьы.
Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилини "Абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡбеи аԥснынтәи Донбасс аветеранцәеи аибашьцәеи ирԥылеит. Дара аветеранцәа рзинқәа ахьчареи адгылара рыҭареи, аибашьцәа рреабилитациеи, Аԥсны аветеранцәа Рассоциациа аиҿкааразы иҟоу алшаарақәа ирылацәажәеит, абри атәы иҩуеит и-Telegram аҿы Пушилин."2014 шықәсазтәи ахҭысқәа ҳрылацәажәеит. Аҧсуаа ҳашьцәа аиаша ишадгылоз. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара анаунагӡатәразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Агәалашәарақәеи афырхаҵарақәеи зегьы аиқәырхара", — иҳәеит ДЖәР ахада.Аԥсны мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз ацәгьоуратә гәыԥ аусура аԥырҟәҟәаауп. Агәызҩара ззыҟоу хҩык аанкылоуп, урҭ иааидкыланы 220 грамм инареиҳаны амефедрон рымхуп. Ашьаусқәа хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аҧсны АҩАР.Даӷьсҭан Дербентәи араион аҿы аӡкыра ԥжәеит. Аӡы рыҵалеит Михаиловка, Дузлак, Заречнаиа, Сулепа, Ургун ақыҭақәеи, аҳабла Мамедкалеи. "Агәҽанызааратә усмҩаԥгатәқәа инарымаданы ԥшьҳабламаҷк рҟынтәи аӡхыҵра ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы ԥшьнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра ӡхыган", — ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра. Иҟоуп аԥсҭбарақәагьы — аҳаблақәа Мамедкалеи Гьеџьыхәи ирыбжьоу амҩаду аҿы амашьынақәа ацәқәырԥа ӷәӷәақәа иргеит. Аԥҳәызба қәыԥши ахәыҷи ҭахеит, даҽа быжьҩык еиқәдырхеит. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥыхразы 3000-ҩык инареиҳаны аиқәырхаҩцәеи 866 ак атехникеи аус руеит. Амш аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит авиациа.Урыстәылеи Саудтәи Аравиеи визада реиҭанеиааира аларгалоит лаҵара 11 инаркны. Уажәшьҭа урыстәылаа шықәсык ахь 90 мшы иааиԥмырҟьаӡакәа, ма иааизакны визада уа иҟазар рылшоит. Ари иаҵанакӡом Саудтәи Аравиа аусура, аҵара, ма анхара ицо, иара убас аҳаџьра, ма аумра рымҩаԥгаразы ицо. Аиԥш-зеиԥшу аԥҟарақәа ирыҵаркуеит Урыстәылаҟа иаауа аравиаагьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/06/1062218766_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_958251bfd20a9e72b49f1f2a06a864cb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио