https://sputnik-abkhazia.info/20260406/1062219801.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз ацәгьоуратә гәыԥ аусура аԥырҟәҟәаауп. Агәызҩара ззыҟоу хҩык аанкылоуп, урҭ иааидкыланы 220 грамм... 06.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-06T13:30+0300
2026-04-06T13:30+0300
2026-04-06T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/06/1062219635_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_26afa55cd2f4a53f4f4510274f1ccbc8.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз ацәгьоуратә гәыԥ аусура аԥырҟәҟәаауп. Агәызҩара ззыҟоу хҩык аанкылоуп, урҭ иааидкыланы 220 грамм инареиҳаны амефедрон рымхуп. Ашьаусқәа хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аҧсны АҩАР.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуеит Аԥсны нанҳәамзазы. Аартра мҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа нанҳәа 2 рзы. Даҽа ҩ-концертк мҩаԥгахоит нанҳәа 5, 8 рзы Бедиатәи аныхабааи Пицундатәи ауахәамеи рҿы. "Шәара ишәзыԥшызаауеит иаарту, еҵәала ирыԥху ажәҩан аҵаҟатәи аконцертқәа, зеиԥшыҟам артистцәа инарыгӡо амузыкеи ацикадақәа рашәаҳәареи, иара убас, уахынлатәи асалиутқәеи", — ҳәа аанацҳауеит афестиваль а-Telegram канал.
Даӷьсҭан Дербентәи араион аҿы аӡкыра ԥжәеит. Аӡы рыҵалеит Михаиловка, Дузлак, Заречнаиа, Сулепа, Ургун ақыҭақәеи, аҳабла Мамедкалеи. "Агәҽанызааратә усмҩаԥгатәқәа инарымаданы ԥшьҳабламаҷк рҟынтәи аӡхыҵра ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы ԥшьнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра ӡхыган", — ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра. Иҟоуп аԥсҭбарақәагьы — аҳаблақәа Мамедкалеи Гьеџьыхәи ирыбжьоу амҩаду аҿы амашьынақәа ацәқәырԥа ӷәӷәақәа иргеит. Аԥҳәызба қәыԥши ахәыҷи ҭахеит, даҽа быжьҩык еиқәдырхеит. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥыхразы 3000-ҩык инареиҳаны аиқәырхаҩцәеи 866 ак атехникеи аус руеит. Амш аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит авиациа.
Урыстәылеи Саудтәи Аравиеи визада реиҭанеиааира аларгалоит лаҵара 11 инаркны. Уажәшьҭа урыстәылаа шықәсык ахь 90 мшы иааиԥмырҟьаӡакәа, ма иааизакны визада уа иҟазар рылшоит. Ари иаҵанакӡом Саудтәи Аравиа аусура, аҵара, ма анхара ицо, иара убас аҳаџьра, ма аумра рымҩаԥгаразы ицо. Аиԥш-зеиԥшу аԥҟарақәа ирыҵаркуеит Урыстәылаҟа иаауа аравиаагьы.
Аԥснытәи аҳазалхҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны 21 нызқь инареиҳаны аҭаҭын рымырхит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аамҭала ареспубликаҿы инхо А. Л. Хачатуриан 11 700 цыра аҭаҭын маӡала Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит. Даҽа 9 660 цыра аҭаҭын рыԥшааит атәылауаҩ Р.А. Задуриан имашьына "Шкода" аҩнуҵаҟа.Аҩ-ҭагылазаашьак рҿгьы амашьынаныҟәцаҩцәа ҿырҳәала, ма ҩырала адырра ҟарымҵеит. Аусқәа рматериалқәа Аҳазалхратә еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы ирыҭоуп.
Аԥсны мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз ацәгьоуратә гәыԥ аусура аԥырҟәҟәаауп. Агәызҩара ззыҟоу хҩык аанкылоуп, урҭ иааидкыланы 220 грамм инареиҳаны амефедрон рымхуп. Ашьаусқәа хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аҧсны АҩАР. Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуеит Аԥсны нанҳәамзазы. Аартра мҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа нанҳәа 2 рзы. Даҽа ҩ-концертк мҩаԥгахоит нанҳәа 5, 8 рзы Бедиатәи аныхабааи Пицундатәи ауахәамеи рҿы. "Шәара ишәзыԥшызаауеит иаарту, еҵәала ирыԥху ажәҩан аҵаҟатәи аконцертқәа, зеиԥшыҟам артистцәа инарыгӡо амузыкеи ацикадақәа рашәаҳәареи, иара убас, уахынлатәи асалиутқәеи", — ҳәа аанацҳауеит афестиваль а-Telegram канал. Даӷьсҭан Дербентәи араион аҿы аӡкыра ԥжәеит. Аӡы рыҵалеит Михаиловка, Дузлак, Заречнаиа, Сулепа, Ургун ақыҭақәеи, аҳабла Мамедкалеи. "Агәҽанызааратә усмҩаԥгатәқәа инарымаданы ԥшьҳабламаҷк рҟынтәи аӡхыҵра ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы ԥшьнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра ӡхыган", — ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра. Иҟоуп аԥсҭбарақәагьы — аҳаблақәа Мамедкалеи Гьеџьыхәи ирыбжьоу амҩаду аҿы амашьынақәа ацәқәырԥа ӷәӷәақәа иргеит. Аԥҳәызба қәыԥши ахәыҷи ҭахеит, даҽа быжьҩык еиқәдырхеит. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥыхразы 3000-ҩык инареиҳаны аиқәырхаҩцәеи 866 ак атехникеи аус руеит. Амш аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит авиациа. Урыстәылеи Саудтәи Аравиеи визада реиҭанеиааира аларгалоит лаҵара 11 инаркны. Уажәшьҭа урыстәылаа шықәсык ахь 90 мшы иааиԥмырҟьаӡакәа, ма иааизакны визада уа иҟазар рылшоит. Ари иаҵанакӡом Саудтәи Аравиа аусура, аҵара, ма анхара ицо, иара убас аҳаџьра, ма аумра рымҩаԥгаразы ицо. Аиԥш-зеиԥшу аԥҟарақәа ирыҵаркуеит Урыстәылаҟа иаауа аравиаагьы. Аԥснытәи аҳазалхҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны 21 нызқь инареиҳаны аҭаҭын рымырхит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аамҭала ареспубликаҿы инхо А. Л. Хачатуриан 11 700 цыра аҭаҭын маӡала Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит. Даҽа 9 660 цыра аҭаҭын рыԥшааит атәылауаҩ Р.А. Задуриан имашьына "Шкода" аҩнуҵаҟа.Аҩ-ҭагылазаашьак рҿгьы амашьынаныҟәцаҩцәа ҿырҳәала, ма ҩырала адырра ҟарымҵеит. Аусқәа рматериалқәа Аҳазалхратә еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы ирыҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/06/1062219635_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_fb5defce88a924d4f29f8649e5f237a9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио