https://sputnik-abkhazia.info/20260406/1062228863.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Гагратәи ансамбль "Афырҭын" аиҳабыратә гәыԥ Грозныи имҩаԥысуаз афестиваль аҿы ахьтәы гран-прии актәи аҭыԥқәа ԥшьбеи ааннакылеит.Агәыԥ анапхгаҩцәа руаӡәк Мурат... 06.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-06T18:01+0300
2026-04-06T18:01+0300
2026-04-06T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/06/1062228697_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_5d86f2703cedab8a7728b0c1dd90579a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Гагратәи ансамбль "Афырҭын" аиҳабыратә гәыԥ Грозныи имҩаԥысуаз афестиваль аҿы ахьтәы гран-прии актәи аҭыԥқәа ԥшьбеи ааннакылеит.Агәыԥ анапхгаҩцәа руаӡәк Мурат Қриа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, афестиваль Кавказ ахраҿа "Адацқәа рымч" рхы аладырхәит жәабала аколлективқәа, урҭ иқәдыргылеит 100 инареиҳаны аномерқәа."Ари аицлабра ду алахәхара ҳара ҳзы хәы змам ԥышәоуп, ҳара даара ҳаигәырӷьоит уи ҳахьахәтаку", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Ансамбль инанагӡеит аԥсуа, алак, авар, амҳаџьырқәа рыкәашарақәа. Хәажәкырамза анҵәамҭазы Краснодар имҩаԥысуаз афестиваль "Аҳаракыраҿ" ансамбль араӡны агран-прии актәи аҭыԥқәа хԥеи ааннакылеит.
Иракли Хынҭәба Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу аҳәаанырцәтәии урыстәылатәи атеатрқәа XVII жәларбжьаратәи рконференциаҿ ажәахә иманы дықәгылоит. Аҩашаҽны уи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рҟынтәи афырхацәа ирызкны ажәахә ҟаиҵоит. РУСДРАМ анапхгаҩы амилаҭтә литературеи аурыс театри реизыҟазаашьақәа ртәы далацәажәоит, иара убасгьы Кирилл Лавров ихьӡ зху апремиа анашьара аусмҩаԥгатә далахәхоит ҳәа аанацҳауеит атеатр Аԥсны аӡхыҵра иақәшәаз Даӷьсҭан ацхыраара анаҭоит. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа даӷьсҭантәи иколлега Нариман Казимагомедов иҽимаидеит. "Аӡбамҭа ҳадаҳкылеит Аҟәантәи Махачкалаҟа ихымԥадатәиу амаҭәақәа зго агәыҳалалратә машьынақәа рышьҭраз", — ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуеит Аԥсны нанҳәамзазы. Аартра мҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа нанҳәа 2 рзы. Даҽа ҩ-концертк мҩаԥгахоит нанҳәа 5, 8 рзы Бедиатәи аныхабааи Пицундатәи ауахәамеи рҿы. "Шәара ишәзыԥшызаауеит иаарту, еҵәала ирыԥху ажәҩан аҵаҟатәи аконцертқәа, зеиԥшыҟам артистцәа инарыгӡо амузыкеи ацикадақәа рашәаҳәареи, иара убас, уахынлатәи асалиутқәеи", — ҳәа аанацҳауеит афестиваль а-Telegram канал. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Урыстәыла акультура аминистрреи Аԥсны ахадареи Акультура аминистрреи иҟарҵо адгыларала.
Мадина Бигәааԥҳа лцәыргақәҵа "Ашамҭа" аатуеит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы мшаԥы 8 рзы. "Ацәыргақәҵа ҿыц аестетика ахьӡала аестетика иазкӡам. Иара – адәахьтәи агармониа аҩнуҵҟатәи агәабзиарахь мҩа заҵәык акәны ишыҟоу атәоуп изызку", — ҳәа асоциалтә ҳаҿы ианылҵеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа. Аартра азгәаҭоуп асааҭ 15:00 рзы. Ацәыргақәҵа мшаԥы 30-нӡа имҩаԥыслоит.
Гагратәи ансамбль "Афырҭын" аиҳабыратә гәыԥ Грозныи имҩаԥысуаз афестиваль аҿы ахьтәы гран-прии актәи аҭыԥқәа ԥшьбеи ааннакылеит.Агәыԥ анапхгаҩцәа руаӡәк Мурат Қриа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, афестиваль Кавказ ахраҿа "Адацқәа рымч" рхы аладырхәит жәабала аколлективқәа, урҭ иқәдыргылеит 100 инареиҳаны аномерқәа."Ари аицлабра ду алахәхара ҳара ҳзы хәы змам ԥышәоуп, ҳара даара ҳаигәырӷьоит уи ҳахьахәтаку", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Ансамбль инанагӡеит аԥсуа, алак, авар, амҳаџьырқәа рыкәашарақәа. Хәажәкырамза анҵәамҭазы Краснодар имҩаԥысуаз афестиваль "Аҳаракыраҿ" ансамбль араӡны агран-прии актәи аҭыԥқәа хԥеи ааннакылеит.Иракли Хынҭәба Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу аҳәаанырцәтәии урыстәылатәи атеатрқәа XVII жәларбжьаратәи рконференциаҿ ажәахә иманы дықәгылоит. Аҩашаҽны уи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рҟынтәи афырхацәа ирызкны ажәахә ҟаиҵоит. РУСДРАМ анапхгаҩы амилаҭтә литературеи аурыс театри реизыҟазаашьақәа ртәы далацәажәоит, иара убасгьы Кирилл Лавров ихьӡ зху апремиа анашьара аусмҩаԥгатә далахәхоит ҳәа аанацҳауеит атеатр Аԥсны аӡхыҵра иақәшәаз Даӷьсҭан ацхыраара анаҭоит. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа даӷьсҭантәи иколлега Нариман Казимагомедов иҽимаидеит. "Аӡбамҭа ҳадаҳкылеит Аҟәантәи Махачкалаҟа ихымԥадатәиу амаҭәақәа зго агәыҳалалратә машьынақәа рышьҭраз", — ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуеит Аԥсны нанҳәамзазы. Аартра мҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа нанҳәа 2 рзы. Даҽа ҩ-концертк мҩаԥгахоит нанҳәа 5, 8 рзы Бедиатәи аныхабааи Пицундатәи ауахәамеи рҿы. "Шәара ишәзыԥшызаауеит иаарту, еҵәала ирыԥху ажәҩан аҵаҟатәи аконцертқәа, зеиԥшыҟам артистцәа инарыгӡо амузыкеи ацикадақәа рашәаҳәареи, иара убас, уахынлатәи асалиутқәеи", — ҳәа аанацҳауеит афестиваль а-Telegram канал. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Урыстәыла акультура аминистрреи Аԥсны ахадареи Акультура аминистрреи иҟарҵо адгыларала.Мадина Бигәааԥҳа лцәыргақәҵа "Ашамҭа" аатуеит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы мшаԥы 8 рзы. "Ацәыргақәҵа ҿыц аестетика ахьӡала аестетика иазкӡам. Иара – адәахьтәи агармониа аҩнуҵҟатәи агәабзиарахь мҩа заҵәык акәны ишыҟоу атәоуп изызку", — ҳәа асоциалтә ҳаҿы ианылҵеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа. Аартра азгәаҭоуп асааҭ 15:00 рзы. Ацәыргақәҵа мшаԥы 30-нӡа имҩаԥыслоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/06/1062228697_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0064aac80cc8d8ebb053b070bf41cbdd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио