https://sputnik-abkhazia.info/20260406/1062231607.html
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа даҽа хымз рыҿҳәара иацҵоуп
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа даҽа хымз рыҿҳәара иацҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа даҽа хымз рыҿҳәара иацҵоуп ҳәа иҳәеит аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.Уи аамҭа иалагӡаны Аҟәатәи... 06.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-06T18:35+0300
2026-04-06T18:35+0300
2026-04-06T19:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/0a/1061540788_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_d330a8f8e908b1d7a395770a0a330e1f.jpg
АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа даҽа хымз рыҿҳәара иацҵоуп ҳәа иҳәеит аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.Уи аамҭа иалагӡаны Аҟәатәи абаа иалсны аамҭалатәи алеиҩеирҭатә ҭыԥ ргылахоит, алашарбагақәа ықәыргыланы, уажәнатә иазырхиоу ауааԥсыра ахәаԥшлартә анаԥшырҭа ҭыԥқәа ҟарҵоит. Иара иазгәеиҭеит, акаҳуажәырҭа "Апингвин" аҟынтәи Алашарбага аҳаблахь абжьаларҭа аҟынӡа ишьҭоу ахаҳәҟьаԥс аԥсахра мацара акәымкәа, ишеиҭашьақәыргылахо аҵырӷәӷәагатә ҭӡы, иара убас, иԥсаххоит аӡцрыҵқәеи аӡымҩангагақәеи, амашьынаргыларҭақәа рҿы амҩахәасҭақәеи ақалақь ариаҵәареи уҳәа.Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараан аҭоурыхтә ҵакы змоу аргыларақәа зегьы ацех ахь иганы идырҽеиуеит ҳәа иҳәеит ақалақь ахада. Урҭ рахь иаҵанакуеит иԥсабаратәу ахаҳәтә шьаҟақәа. "Иахьа аԥшаҳәаҿы иқәырго зегьы аҭоурыхтә ҵакы рымаӡам. Урҭ аибашьра ашьҭахь иҟаҵаз абетонтәеиларҭәароуп", — ҳәа иҳәеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/0a/1061540788_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_29931fff64f19578ae47c5aaba6854b9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа даҽа хымз рыҿҳәара иацҵоуп
18:35 06.04.2026 (ирҿыцуп: 19:10 06.04.2026) АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа даҽа хымз рыҿҳәара иацҵоуп ҳәа иҳәеит аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Уи аамҭа иалагӡаны Аҟәатәи абаа иалсны аамҭалатәи алеиҩеирҭатә ҭыԥ ргылахоит, алашарбагақәа ықәыргыланы, уажәнатә иазырхиоу ауааԥсыра ахәаԥшлартә анаԥшырҭа ҭыԥқәа ҟарҵоит.
Иара иазгәеиҭеит, акаҳуажәырҭа "Апингвин" аҟынтәи Алашарбага аҳаблахь абжьаларҭа аҟынӡа ишьҭоу ахаҳәҟьаԥс аԥсахра мацара акәымкәа, ишеиҭашьақәыргылахо аҵырӷәӷәагатә ҭӡы, иара убас, иԥсаххоит аӡцрыҵқәеи аӡымҩангагақәеи, амашьынаргыларҭақәа рҿы амҩахәасҭақәеи ақалақь ариаҵәареи уҳәа.
Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараан аҭоурыхтә ҵакы змоу аргыларақәа зегьы ацех ахь иганы идырҽеиуеит ҳәа иҳәеит ақалақь ахада. Урҭ рахь иаҵанакуеит иԥсабаратәу ахаҳәтә шьаҟақәа.
"Иахьа аԥшаҳәаҿы иқәырго зегьы аҭоурыхтә ҵакы рымаӡам. Урҭ аибашьра ашьҭахь иҟаҵаз абетонтәеиларҭәароуп", — ҳәа иҳәеит иара.