Аԥсны Аҳәса реидгыла алахәхоит жәларбжьаратәи афестиваль "Шәачатәи ааԥын"
21:11 06.04.2026 (ирҿыцуп: 22:15 06.04.2026)

© Sputnik / Екатерина Чеснокова
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Аԥсны Аҳәса реидгыла алахәхоит жәларбжьаратәи афестиваль "Шәачатәи ааԥын".
Иара мҩаԥысуеит мшаԥы 14-16 рзы ҳәа адырра ҟалҵеит афестиваль апресс-маҵзура аиҳабы Викториа Кудлаева. Уи рхы аладырхәуеит Урыстәыла 40 регион рҟынтәи 500-ҩык, иара убас африкатәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа.
Апрограммаҿы иҟоуп арҵаратә сессиақәа, ауаажәларратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи амчра ахаҭарнакцәеи реицәажәарақәа, Шәача ақалақьтә Еизара аҿы астол гьежь.

"Аԥснытәи аделегациа иҷыдоу ҳасасцәа роуп. Урҭ активла "Шәачатәи ааԥын" рхы аладырхәуеит. Ҵыԥх абизнес, акультура, аҵарадырра зегьы рҿы ахаҭарнакра зуаз аҳәса активла рхы аладырхәит, ргәаанагарақәа рҳәеит, ажәалагала ҿыцқәа ҟарҵеит. Шьоук рзынгьы иҿырԥшыгахеит", — ҳәа лҳәеит Кудлаева.
Аԥсны Аҳәса реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәмалԥҳа иазгәалҭеит, "Шәачатәи ааԥын" иреиӷьу асоциалтә практикақәеи, агәҭак ҿыцқәеи, аиҩызаратә лшарақәеи шаанартуа.
Афестиваль "Шәачатәи ааԥын" ажәахьас иамоуп "Ақәҿиара змоу аԥҳәыс —иқәҿиароу атәыла". Афестиваль аҿы иқәгыло рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.