Апарламент аиҭалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥ хадақәа мшаԥы 8 рынахыс иаартхоит
12:31 08.04.2026 (ирҿыцуп: 13:21 08.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 8 — Sputnik. Апарламент аиҭалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥ хадақәа мшаԥы 8 рынахыс иаартхоит, алхҩцәа рсиақәа кыдҵахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа.
Акандидатцәа рышәҟәҭагалара мшаԥы 7 рзы ихыркәшан.
Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №30 аҟынтәи депутатс Геннади Ҵлаииа икандидатура ықәгылоуп, Тҟәарчалтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №34 аҟынтәи — Ешсоу Дочиа.
Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ҩба рҿы аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит мшаԥы 18 ашьыжь асааҭ 8:00 инаркны 20:00 сааҭ рҟынӡа. Аԥхьатәи алҵшәақәа мшаԥы 19 рзы ирылаҳәахоит иҳәеит Бранӡиа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент аҿы ахысраан ишьыз адепутат Вахтанг Гәаланӡиа изинмчқәа заанаҵы раанкылареи, адепутат Герман Каҷараа Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дахьаҭои инарымаданы.