https://sputnik-abkhazia.info/20260429/1062669612.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ашҭа Ҟаԥшь аҿы арратә парад мҩаԥгахоит Аиааира ду амш аҽны, Москва ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.Лаҵара 9 рзы ашьапыламҩасра иалахәхоит... 29.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-29T13:01+0300
2026-04-29T13:01+0300
2026-04-29T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/1d/1062669446_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_4c3d215b235b2e8839a2d9e5630326dc.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ашҭа Ҟаԥшь аҿы арратә парад мҩаԥгахоит Аиааира ду амш аҽны, Москва ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.Лаҵара 9 рзы ашьапыламҩасра иалахәхоит Урыстәыла Арбџьармчқәа хаз иго архәҭақәеи аҵараиурҭахкқәа зегьи рҟынтәи аррамаҵзурауааи.Ашҭа Ҟаԥшь иахаԥыруеит аԥырратә ҳаирплантә гәыԥқәеи ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-25-и.Архәҭа хкқәеи архәҭа ҟәшақәеи, Арратә операциа ҷыда иалахәу, иара убас астратегиатә хықәкы змоу аракетатә мчқәеи Арра-мшынтә флот аӷбақәеи ркомандаҟаҵаратә пунктқәа рҿы иҷаԥшьо аҟәшақәеи амаҵзурақәеи зегьы русура ишиашоу ицо аефир ала идырбахоит.
Ахәыҷқәеи аинвалид ҿарацәеи рыцхраара иазырхоу апроект "Аҟазара зегьы рзы" иацҵоуп Аԥсны, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит урыстәылатәи амузыкатә академиа "Ахәырма" анапхгаҩы Инна Гришьенко."Ҳкоманда ашколқәа рҿы аинвалидра змоу ауаа шҳалоу, уи ахкқәас иҟоу, аминталтә инвалидреи ацәеижьтәи злеиԥшым, еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ауаа аус рыдулара шалшо аҵаҩцәа ирзеиҭаҳҳәарц азы акиноклубқәа мҩаԥнагоит", — азгәалҭеит лара. Апроект иарбоуп — агәабзиаразы аԥкрақәа змоу ауаа рыцхраара агәаҳәара аазырԥшыз ашколхәыҷқәа разыҟаҵареи аҵара дырҵареи. Урҭ авокал, ахореографиа, асахьаҭыхра, амузыкатә арт-терапиа рзы арҵаҩцәа ирыцхрааҩцәахоит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 98 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Саратовтәи аобластқәеи Ҟрыми.
Аԥсны акультура аминистрра апроект "Алаф ашҭа" сынтәа Уарча ақыҭан ихацыркхоит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба. Иара иажәақәа рыла, зынӡа иазгәаҭоуп аа-қыҭак рҭаара."Сынтәа ҳамҩахыҵуеит егьырҭ ашықәсқәа рзы ҳазхьымӡақәаз ақыҭақәа рахь. Апрограмма зегьы сааҭбжак иназынаԥшуа ишьақәгылоуп. Ҳахьнеиуа ақыҭақәа шьақәырӷәӷәоуп — Уарча, Лыхны, Калдахәаратәи ашкол-интернат, Очамчыратәи ашкол-интернат, Дәрыԥшь, Жәандәрыԥшь уҳәа ақыҭақәа", — иҳәеит Гәынба.
Ашҭа Ҟаԥшь аҿы арратә парад мҩаԥгахоит Аиааира ду амш аҽны, Москва ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.Лаҵара 9 рзы ашьапыламҩасра иалахәхоит Урыстәыла Арбџьармчқәа хаз иго архәҭақәеи аҵараиурҭахкқәа зегьи рҟынтәи аррамаҵзурауааи.Ашҭа Ҟаԥшь иахаԥыруеит аԥырратә ҳаирплантә гәыԥқәеи ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-25-и.Архәҭа хкқәеи архәҭа ҟәшақәеи, Арратә операциа ҷыда иалахәу, иара убас астратегиатә хықәкы змоу аракетатә мчқәеи Арра-мшынтә флот аӷбақәеи ркомандаҟаҵаратә пунктқәа рҿы иҷаԥшьо аҟәшақәеи амаҵзурақәеи зегьы русура ишиашоу ицо аефир ала идырбахоит. Ахәыҷқәеи аинвалид ҿарацәеи рыцхраара иазырхоу апроект "Аҟазара зегьы рзы" иацҵоуп Аԥсны, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит урыстәылатәи амузыкатә академиа "Ахәырма" анапхгаҩы Инна Гришьенко."Ҳкоманда ашколқәа рҿы аинвалидра змоу ауаа шҳалоу, уи ахкқәас иҟоу, аминталтә инвалидреи ацәеижьтәи злеиԥшым, еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ауаа аус рыдулара шалшо аҵаҩцәа ирзеиҭаҳҳәарц азы акиноклубқәа мҩаԥнагоит", — азгәалҭеит лара. Апроект иарбоуп — агәабзиаразы аԥкрақәа змоу ауаа рыцхраара агәаҳәара аазырԥшыз ашколхәыҷқәа разыҟаҵареи аҵара дырҵареи. Урҭ авокал, ахореографиа, асахьаҭыхра, амузыкатә арт-терапиа рзы арҵаҩцәа ирыцхрааҩцәахоит. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 98 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Саратовтәи аобластқәеи Ҟрыми. Аԥсны акультура аминистрра апроект "Алаф ашҭа" сынтәа Уарча ақыҭан ихацыркхоит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба. Иара иажәақәа рыла, зынӡа иазгәаҭоуп аа-қыҭак рҭаара."Сынтәа ҳамҩахыҵуеит егьырҭ ашықәсқәа рзы ҳазхьымӡақәаз ақыҭақәа рахь. Апрограмма зегьы сааҭбжак иназынаԥшуа ишьақәгылоуп. Ҳахьнеиуа ақыҭақәа шьақәырӷәӷәоуп — Уарча, Лыхны, Калдахәаратәи ашкол-интернат, Очамчыратәи ашкол-интернат, Дәрыԥшь, Жәандәрыԥшь уҳәа ақыҭақәа", — иҳәеит Гәынба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/1d/1062669446_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_77db6db66e0363a5324cf82ef5a57230.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио