2026 шықәсазы Аҟәа амҩадуқәа рҿы 500 ҵлеи ачықьқәеи еиҭаҳахоит
17:56 08.04.2026 (ирҿыцуп: 20:08 08.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 8 — Sputnik. 2026 шықәсазы Аҟәа амҩадуқәа рҿы 500 ҵлеи ачықьқәеи еиҭаҳахоит.
Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, уажәнатә еиҭаҳауп ҩышә шьаҭа рҟынӡа. Аусура мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба идҵала, аҳҭнықалақь аиаҵәара ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ақалақь агәҭани аҳабламаҷқәеи рҿы еиҭаҳахоит адаамыр ҵлақәа, гималаиатәи анызҵлақәа, аҷандарҵла, акаллистемон, аевкалипт, араӡынтә евкалипт, алагерстроемиа, ачықьқәа "Евгениа", амшашҵлақәа, аолеандр, алаванда, иара убасгьы афиникатә пальмақәа ҳәа аанацҳауеит акалақь ахадара апресс-маҵзура.

"Ааԥынра иалагӡаны даҽа 200 шьаҭа аҵлеи ачықьқәеи еиҭаҳахоит. Анаҩс аиҭаҳара иацҵахоит ҭагалан. Иааидкыланы 2026 шықәсазы 500 шьаҭа аҵиаақәеи реиҭаҳара азгәаҭаны иҳамоуп", — иҳәеит Ҭарба.