Аԥснытәи КВН "Амҩақәҵаҩцәа" алига афинал 1/8 ахь абилеҭқәа рырҳамҭа Даӷьсҭанҟа ишьҭхоит
21:46 08.04.2026 (ирҿыцуп: 23:04 08.04.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 8 — Sputnik. Аԥснытәи КВН "Амҩақәҵаҩцәа" алига афинал 1/8 ахь абилеҭқәа рыҭира аҟынтәи аԥарақәа амшцәгьа иахҟьаны Даӷьсҭан ааха зауз ирзышьҭхоит.
Абри атәы иҳәеит аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥысыз ахәмарраҟны амҩаԥгаҩ, акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" акаԥдан Ҭемыр Ҭаниа.
Афинал 1/8 азы иқәгылеит аа-командак: Гәдоуҭатәи "Чарирама", Гагратәи "Еизгоу асолианка", гәылрыԥшьтәи акоманда "Шамахамзар ақалақьуаа"," Тҟәарчал сити", аҳәынҭуниверситет акомандақәа "Ишьақәыргылам ахаҿқәа", "Изаҳҭахузеи?", Гал ахьӡала иқәгыло "Атәылауаҩшәҟәқәа змам 300-ҩык", Очамчыратәи "Гиуенос-Аирес".
Ахәмарра аихшьаалақәа рыла, зегь раасҭа абаллқәа аиуит Галтәи акоманда, зегь раасҭа имаҷны — ААУ акомандақәа рыҩбагьы.
Ҭаниа иажәақәа рыла, имаҷны абаллқәа зауз ҩ-командак алига аанрыжьуеит. Иаанхаз ф-командак лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоу афинал 1/4 ахь инеит.
Аицлабрақәа ирылагаанӡа алахәылацәа адраматургиеи, актиортә ҟазареи, асценатә цәажәареи рзы арҵаратә курсқәа ирхысит.