Аҭаацәа рықәымчра иахҟьаны ахәыҷы лҭахара инамаданы ашьаус хацыркуп
20:29 09.04.2026 (ирҿыцуп: 22:36 09.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 9 — Sputnik. Гәымбылџьбарала иахьлызныҟәози аҭаацәа рықәымчреи ирыхҟьаны ахәыҷы лҭахара инамаданы ашьаус хацыркуп.
Аусҭҵаара Гәылрыԥшь араион апрокуратура аҟынтәи Аԥсны апрокуратура хада Аусеилыргаратә усбарҭахь инашьҭуп.
Аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, агәызҩара ззыҟоу, Маҷара ақыҭан инхо Кристина Лахина арыжәџьбареи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи лыдкыланы даныҟаз аамҭазы, хышықәса зхыҵуаз ахәыҷы лгәабзиара ааха ӷәӷәа алҭеит.
Лахина аамҭалатәи абахҭаҿы дҭакуп. Лара 8 шықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа аҭакра лықәырҵар ҟалоит.