00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:34
12 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых" ӡырыргеит Sputnik апресс-центр аҿы

© Sputnik / томасПК анимационного проекта по Истории Абхазии в ПЦ Sputnik
ПК анимационного проекта по Истории Абхазии в ПЦ Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 14 — Sputnik. Анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых" ӡырыргеит Sputnik апресс-центр аҿы.

Аидеиа цәырҵит аа-шықәсаҟа раԥхьа ажәытә цивилизациақәа рҭоурых иазку апроект Arzamas санахәаԥш ашьҭахь ҳәа еиҭеиҳәеит апроект автор, арежиссиор Дауҭ Логәуа.
"Сара ари ахәыцра сыхҭанакит: избан ҳҭоурых зыҟам абас адинамикатә ҟазшьа аманы, ихарҭәаау аформат ала, уи имарианы ирыдыркылартә, иара ахатәы бызшәалеи ахатәы аӡбамҭақәеи аманы ҳәа? Убри аминуҭ инаркны агәҭакы цәырҵит", ҳәа иҳәеит Логәуа.
Акыр аамҭа цеит апроект аспонсорцәа рыԥшааразы. Уи ашьҭахь адгылара арҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки.
Арепатриациазы аҳәынҭеилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа иазгәеиҭеит, аусбарҭа аидеологиатә усура аҵак ду шанаҭо, Аԥсны аҭоурых иазку афильмқәа рсериа ари аус ишахәҭаку.
"Даара иуадаҩын араҟа иааизакны, 20 минуҭ ирыҵанакыз аамҭала Аԥсны аҳәынҭқарра аҭоурых беиа зегьы арбара. Аха сара сгәанала, ари адиаспора, иқәыԥшу абиԥара рҭоурыхтә ԥсадгьыл адырразы зегь реиҳа хра рзыҟазҵо форматуп ҳәа. Ҳара ҳақәгәыӷуеит апроект аҭоурых анаҩстәи аҭҵааразы аинтерес рызцәырнагап ҳәа", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҭҵаарадырра-аларҵәаратә проект шьақәгылоуп 7 минуҭк рыла абжьаратә хронометраж змоу афильм хәыҷқәа хԥа рыла. Иара Аԥсны аҭоурых ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа аԥсышәалеи, урысшәалеи, англыз бызшәалеи еиҭанаҳәоит.
АААК ахаҭарнак Дмитри Жьиба игәаанагарала Аԥсны аҭоурых иазку анимациатә фильмқәа рсериа ареспублика аҿар рыдагьы аҳәаанырцә иҟоу аудиториагьы ирзырхоуп.
Иара иажәақәа рыла, асоциалтә ҳақәа рҿы Аԥсны иазку, зхаҭабзиара ҳараку аконтент даара имаҷуп, ари апроект ихадоу аидеологиатә уснагӡатәқәа руак аӡбоит.
"Сара сгәаанагарала афильм ҳақәманшәалахеит. Уи информациала ибеиахеит, акраҵанакуеит иахьыԥшӡахазгьы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Жьиба.
Иара иҳәеит афильм асценари шьаҭас ишаиуз Аԥсны аҭоурых азы академиатә рҵага шәҟәы. Аҭҵаарадырратә рецензентс дамоуп аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.
Апроект шьақәгылоуп х-фильмк рыла, ицоит 7 минуҭк – аԥсышәалеи, урысшәалеи, англыз бызшәалеи, ҳаԥхьаҟа урҭ ҭырқәшәалеи араб бызшәалеи еиҭаргар рҭахуп.
Аԥхьарбара мҩаԥгахоит иахьа асааҭ 17: 00 рзы Арепатриациазы аҳәынҭеилакы аҿы, ашьҭахь урҭ ареспублика ацҳаражәҳәарҭақәа, аԥсуа-черқьесстә культуратә центрқәа ирыладырҵәоит. Афильм иара убасгьы шәахәаԥшыр шәылшоит АААК-и MOOORE.TV. рҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0