Кьышьмариаԥҳа: Гәылрыԥшь араион аҿы аӡӷаб хәыҷы лҭахара ауаажәларра арҿыхеит
13:21 14.04.2026 (ирҿыцуп: 14:15 14.04.2026)

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Анапаҵаҩра
Ахәылбаҽха мшаԥы 7 рзы хышықәса зхыҵуа Габриела Лахина аахақәа лыманы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахәшәтәырҭахь днаргеит, ашамҭазы лара лыԥсҭазаара далҵит. Лан лаҳәшьа Кристина даанкылоуп.
АҞӘА, мшаԥы 14 — Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы хы-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы лҭахара акыраамҭа аҩнтәи ақәымчра апроблема гәазымҭарц иаҿу ауаажәларра арҿыхеит лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҿы аҳасабырбатә жәахә ҟаҵо.
"Сара сгәы излаанаго ала, уажәы аус зуа азакәанԥҵара ариашарақәа ракәымкәа, аҭаацәара-бзазаратә еизыҟазаашьақәа рзы азакәан ахаҭа алацәажәара ахәаԥшра ҳаназхиоу аамҭоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит иҳаҩсыз асессиа аилатәараҿы ари азҵаара ишалацәажәаз, аилакқәа анапынҵақәа шрыҭаз.
"Ҳара ҳазыхиоуп ари аус аҽалархәра, насгьы хаз игоу ариашарақәа ракәымкәа, ҳзынио ауадаҩрақәа зегьы зыӡбо азакәан зҳадаҳкыло ауаа реилыркаара", — ҳәа азгәалҭеит аомбудсмен.

Аусҭҵаара иахәҭоу апроцессуалтә усқәа мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион аҿы хы-шықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷ лҭахара инамаданы ҳәа иҳәеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа.
"Апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгара алҵшәақәа рыла ашьаус хацыркуп. Иахьатәи аамҭазы иҭахаз ахәыҷы лан лаҳәшьа дҭакуп. Хара имгакәа иӡбахоит ахара здырҵо лаҳасаб ала аус ладыԥхьалара азҵаара", — ҳәа иҳәеит иара Апарламент асессиа аилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, ареспублика ашьаустә закәанԥҵараҿы иҟоуп аҩнытә қәымчра амҩаԥгаразы ашьаустә ҭакԥхықәра адҵаразы алшарақәа.
"Аусҭҵаара алҵшәақәа инарықәыршәаны асоциалтә хылаԥшра аусбарҭақәа русура ахәшьара аҭахоит. Заанаҵы адырра ыҟан, ари аҭагылазаашьа дара ирдыруан ҳәа ", —азгәеиҭеит Кәыҵниа.