https://sputnik-abkhazia.info/20260414/1062378034.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ҵыԥх 90 ааԥхьара аашьҭын Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аппарат ахь ҳәа лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҟны аҳасабырбатә ажәахә... 14.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-14T13:01+0300
2026-04-14T13:01+0300
2026-04-14T14:51+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0e/1062377868_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0f6b551d6c36aaf99d2036f02cc7cc24.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ҵыԥх 90 ааԥхьара аашьҭын Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аппарат ахь ҳәа лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҟны аҳасабырбатә ажәахә ҟаҵо. "Иадҵаалаз атәылауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара шәҩык иреиҳахеит. Иарбоу адҵааларақәа рҟынтәи 38 ҩыратә ҟазшьала иаарышьҭит, урҭ рҟынтәи быжьба аколлективтәуп, 52 ҿырҳәалатәуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Хазы игоу астатиа – ари анонимтә, ма имаӡоу зыҳәақәоуп, мамзаргьы арзаҳал алазҵаз рхаҭаратә дыррақәа раргамара зҭахым рзыҳәақәа роуп.
Аԥсны Арбџьармчқәа иазԥхьагәаҭаны ирымаз адҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы – анапхгараҭаратә усбарҭақәеи амчқәеи ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы рыпрактикатә ҟазара аиӷьтәра, арратә напхгараҭаратә усбарҭақәа ирласны зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьа аан амчқәа рнапхгара ишазыхиоу агәаҭара, ар еиқәшәарала рхымҩаԥгара аус адулара ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ҳаамҭазтәи бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа рԥышәа, ахымҩаԥгашьатә знеишьа ҿыцқәа ралагалара, БпЛА-и РЕБ-и рхархәарала аԥшыхәра.
"Аԥсны Акоманда" иазку адокументалтә фильм дырбахоит мшаԥымза 14 рзы. Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы афильм дырбахоит асааҭ 21:20 рзы. Аҭыхрақәа ирылахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба, анапхгараҭаратә еилазаара ахаҭарнакцәа, иара убас апроект аҿы аиааира згаз. Афильм аҟны еиҭаҳәахоит "Аԥсны Акоманда" актәи ахәҭа алҵшәақәа ртәы: алахәылацәа рҭоурыхқәа, ирыдыркылаз анапхгараҭаратә ӡбамҭақәа, аекономикеи, асоциалтә усхки, акультуреи, аҳәынҭқарратә усбарҭеи рҟны инагӡоу аԥшьгарақәа. "Аԥсны Акоманда" аҿы иазгәарҭеит афильм аицлабра аҩбатәи асезон аусура аларгара ишазку.
Урыстәыла аашықәса раахыс иааиуа лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа зегь раасҭа икьаҿуп. Уи зыхҟьо, сынтәа, лассы-лассы ишыҟалало еиԥш, ашықәс ҿыцтәи аԥсшьарамшқәа лаҵарамзахь ииарымгаӡеит. Убри аҟнытә, сынтәа Урыстәылеи Аԥсни хымштәи аԥсшьарамшқәа ҩынтә иҟалоит — лаҵара 1 инаркны 3 рҟынӡа, анаҩс лаҵара 9 инаркны 11 рҟынӡа.
Ҵыԥх 90 ааԥхьара аашьҭын Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аппарат ахь ҳәа лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҟны аҳасабырбатә ажәахә ҟаҵо. "Иадҵаалаз атәылауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара шәҩык иреиҳахеит. Иарбоу адҵааларақәа рҟынтәи 38 ҩыратә ҟазшьала иаарышьҭит, урҭ рҟынтәи быжьба аколлективтәуп, 52 ҿырҳәалатәуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Хазы игоу астатиа – ари анонимтә, ма имаӡоу зыҳәақәоуп, мамзаргьы арзаҳал алазҵаз рхаҭаратә дыррақәа раргамара зҭахым рзыҳәақәа роуп. Аԥсны Арбџьармчқәа иазԥхьагәаҭаны ирымаз адҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы – анапхгараҭаратә усбарҭақәеи амчқәеи ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы рыпрактикатә ҟазара аиӷьтәра, арратә напхгараҭаратә усбарҭақәа ирласны зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьа аан амчқәа рнапхгара ишазыхиоу агәаҭара, ар еиқәшәарала рхымҩаԥгара аус адулара ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ҳаамҭазтәи бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа рԥышәа, ахымҩаԥгашьатә знеишьа ҿыцқәа ралагалара, БпЛА-и РЕБ-и рхархәарала аԥшыхәра. "Аԥсны Акоманда" иазку адокументалтә фильм дырбахоит мшаԥымза 14 рзы. Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы афильм дырбахоит асааҭ 21:20 рзы. Аҭыхрақәа ирылахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба, анапхгараҭаратә еилазаара ахаҭарнакцәа, иара убас апроект аҿы аиааира згаз. Афильм аҟны еиҭаҳәахоит "Аԥсны Акоманда" актәи ахәҭа алҵшәақәа ртәы: алахәылацәа рҭоурыхқәа, ирыдыркылаз анапхгараҭаратә ӡбамҭақәа, аекономикеи, асоциалтә усхки, акультуреи, аҳәынҭқарратә усбарҭеи рҟны инагӡоу аԥшьгарақәа. "Аԥсны Акоманда" аҿы иазгәарҭеит афильм аицлабра аҩбатәи асезон аусура аларгара ишазку. Урыстәыла аашықәса раахыс иааиуа лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа зегь раасҭа икьаҿуп. Уи зыхҟьо, сынтәа, лассы-лассы ишыҟалало еиԥш, ашықәс ҿыцтәи аԥсшьарамшқәа лаҵарамзахь ииарымгаӡеит. Убри аҟнытә, сынтәа Урыстәылеи Аԥсни хымштәи аԥсшьарамшқәа ҩынтә иҟалоит — лаҵара 1 инаркны 3 рҟынӡа, анаҩс лаҵара 9 инаркны 11 рҟынӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0e/1062377868_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6c6a5a81534e1523502cc726d7309541.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио