00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
32 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Такие обстоятельства
Помощь Дагестану в трудное время. Разговор с волонтером из Абхазии
18:53
4 мин
Турбаза
Авторские туры в Абхазии: особенности и востребованность
18:57
12 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Ҵыԥх 90 ааԥхьара аашьҭын Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аппарат ахь ҳәа лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҟны аҳасабырбатә ажәахә ҟаҵо. "Иадҵаалаз атәылауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара шәҩык иреиҳахеит. Иарбоу адҵааларақәа рҟынтәи 38 ҩыратә ҟазшьала иаарышьҭит, урҭ рҟынтәи быжьба аколлективтәуп, 52 ҿырҳәалатәуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Хазы игоу астатиа – ари анонимтә, ма имаӡоу зыҳәақәоуп, мамзаргьы арзаҳал алазҵаз рхаҭаратә дыррақәа раргамара зҭахым рзыҳәақәа роуп.
Гәылрыԥшь араион аҿы хы-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы лҭахара акыраамҭа аҩнтәи ақәымчра апроблема гәазымҭарц иаҿу ауаажәларра арҿыхеит лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҿы аҳасабырбатә жәахә ҟаҵо. "Сара сгәы излаанаго ала, уажәы аус зуа азакәанԥҵара ариашарақәа ракәымкәа, аҭаацәара-бзазаратә еизыҟазаашьақәа рзы азакәан ахаҭа алацәажәара ахәаԥшра ҳаназхиоу аамҭоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит иҳаҩсыз асессиа аилатәараҿы ари азҵаара ишалацәажәаз, аилакқәа анапынҵақәа шрыҭаз.
Аԥсны Арбџьармчқәа иазԥхьагәаҭаны ирымаз адҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы – анапхгараҭаратә усбарҭақәеи амчқәеи ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы рыпрактикатә ҟазара аиӷьтәра, арратә напхгараҭаратә усбарҭақәа ирласны зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьа аан амчқәа рнапхгара ишазыхиоу агәаҭара, ар еиқәшәарала рхымҩаԥгара аус адулара ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ҳаамҭазтәи бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа рԥышәа, ахымҩаԥгашьатә знеишьа ҿыцқәа ралагалара, БпЛА-и РЕБ-и рхархәарала аԥшыхәра.
Анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых" ӡырыргеит Sputnik апресс-центр аҿы. Аидеиа цәырҵит аа-шықәсаҟа раԥхьа ажәытә цивилизациақәа рҭоурых иазку апроект Arzamas санахәаԥш ашьҭахь ҳәа еиҭеиҳәеит апроект автор, арежиссиор Дауҭ Логәуа. "Сара ари ахәыцра сыхҭанакит: избан ҳҭоурых зыҟам абас адинамикатә ҟазшьа аманы, ихарҭәаау аформат ала, уи имарианы ирыдыркылартә, иара ахатәы бызшәалеи ахатәы аӡбамҭақәеи аманы ҳәа? Убриаминуҭ инаркны агәҭакы цәырҵит", — ҳәа иҳәеитЛогәуа. Акыр аамҭа цеит апроект аспонсорцәа рыԥшааразы. Уи ашьҭахь адгылара арҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәын
Ажәабжьқәа зегьы
0