"Гәыма" афымцадәыӷба "Диоскуриа" аднакыларазы арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп
21:12 14.04.2026 (ирҿыцуп: 23:45 14.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 14 — Sputnik. Аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" афымцадәыӷба "Диоскуриа" аднакыларазы арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп.
"Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа иажәақәа рыла, амҩа ахырхарҭа ацҵаразы аӡбара рыдыркылеит атуристцәа рзы иманшәалахарц азы.
"Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа иажәақәа рыла, амҩа ахырхарҭа ацҵаразы аӡбара рыдыркылеит атуристцәа рзы иманшәалахарц азы.
"Атуристтә ҭыԥқәа, иаҳҳәап, Амаамынқәа рааӡарҭа, Аботаникатә баҳча, атеатрқәа, уҳәа ақалақь агәаны зегь еизааигәоуп", — ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа Аҟәатәи авокзал аҟынтәи аангыларҭа "Гәыма" аҿынӡа аусурақәа еицымҩаԥыргеит. Хара имгақәан ахырхарҭа ҿыц аихшанҵа шьақәырӷәӷәахоит.
