Асоциалтә маҵзурақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа иреиҳау ртәы рҳәеит астол гьежь аҟны
18:31 16.04.2026 (ирҿыцуп: 20:43 16.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 16 — Sputnik. Аԥсны асоциалтә маҵзурақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа иреиҳау — "Абекәынреи зықәра намӡац рзинхьчареи" рзы азакәан аҟамзаара ауп лҳәеит ахәыҷқәеи аҭаацәеи рсоциалтә цхыраара амаҵзура аиҳабы Алина Агрԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, еиуеиԥшым араионқәа рнапхгараҭарақәа рҿы абекәынцәа рнапынҵақәа назыгӡо аспециалистцәа ыҟоуп, аха уи азхом.
"Аҭаацәаратә кодекс аҿы аҭакԥхықәра зегь раԥхьаӡа иргыланы ахылаԥшратә усбарҭақәа ирыднакылоит. Аԥсҭазаараҿы иҟоу ахҭысқәа ҳанрықәшәо, иаҳҳәап, ахәыҷқәа рҭаацәа ирымхны иангатәу, мамзаргьы зхыгара амуа даҽа зҵааарак аныӡбатәу, рыцҳарас иҟалаз — урҭ ауаа ыҟаӡам", — лҳәеит лара, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчараз азинмч змоу анапхгаҩы лаԥшьгарала иеиҿкааз астол гьежь аҿы.
Агрба иазгәалҭеит "Абекәынреи зықәра намӡац рзинхьчареи" азакәан рыдрымкылакәа, имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа зегьы лҵшәада ишаанхо.